АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Цәыббра.2022

ИРЕИҲАӠОУ АМИЛИЦИА АШКОЛ АКУРСАНТЦӘА «АФЫРХАЦӘА РЫМҨАЛА» ИАНЫСИТ.

Аҟәа.  Цәыббрамза  29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Иреиҳаӡоу амилициа ашкол арҵаҩцәеи акурсантцәеи, ааӡаратә усура Аусбарҭеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациеи ауаажәларратә еимадареи рыҟәшеи аусзуҩцәа, Каман ақыҭантәи Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра ашҭанӡа апатриоттә акциа «Афырхацәа рымҩала» ианысит.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи Еибашьра  аан имҩаԥысуаз аибашьратә хҭысқәа раарԥшра, аҿар Аԥсуа ар аибашьцәа ахьеибашьуаз, иахьҭахоз аҭыԥқәа дырбара, дара анаҩс раамышьҭахь еиҵагыло абиԥара ирызнаргарц, Аиааира агара иахҭну атәы рырдырра ауп  акциа ахықәкы хаданы иҟаз.

Ари акциа ала заԥхьаҟа иафицарцәаны иҟалараны иҟоу арԥарцәа хамеигӡарала зыԥсадгьыл зыхьчоз, уи ахақәиҭра зхы ақәызҵаз рахь ирымоу аҳаҭырқәҵара аадырԥшит.

Акциа алахәылацәа Иашҭхәа ақыҭаҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит. Араҟа аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра азы иҭахаз аибашьцәеи атанкистцәеи  рбаҟа шьақәыргылоуп.

Амҩан Иреиҳаӡоу амилициа ашкол акурсантцәа шьапыла имҩасит, аӡы ирит.

Афырхацәа рымҩала акциа иалахәыз рыиасра хыркәшахеит Аҟәа ақалақь Ахақәиҭра Ашҭаҿы. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба акурсантцәа дрыдныҳәалеит. 

Иреиҳаӡоу амилициа ашкол анапхгаҩы Игорь Базильски аминистр,  знапхгара идҵоу аҟәшеиҵа иаҭахханы ианыҟала, Аԥсадгьыл ахьчаразы арратә хыдҵақәа рынагӡара иазхиоуп ҳәа адырра ииҭеит. *** *

Атанк Т-55 №004 «Мустанг» аекипаж абаҟа  гылоуп Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан. Уи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәаразы ишьақәыргылан.  

Атанк  цәыббрамза 18, 1993 шықәсазы ақыҭа Тависуԥлеба аҟны аекипаж зегьы шҭатәаз иԥыржәеит. Атанк «Мустанг», амцакра ашьҭахь еиҭашьақәыргылан. Уи аекипаж иалаз – Џьамбул Џьопуа,  Геннади Еныкь, Зураб Конџьариа,  Игорь Конџьариа рфотосахьақәа анҵаны агранит иалху апостамент иқәгылоуп. Уи ааигәара ишьақәыргылоу ахаҳәҟьаԥсқәа иргәылԥҟаауп арҭ аҭыԥқәа рҿы иҭахаз рыхьыӡқәа. Последнее изменение Четверг, 29 сентября 2022 11:12. Опубликовано в Новости.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/novosti/item/1505-kursanty-vysshej-shkoly-militsii-proshli-dorogami-geroev.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 436 times - Аԥшьаша, 29 Цәыббра 2022 18:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.