«Аԥсны аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны шәҩык рҟынӡа жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр "Артек" ахь идәықәаҳҵоит, ҳара ҳзы ари иааира дууп. Урыстәыла Аҵара аминистрра, хаҭала Сергеи Сергеи-иԥа Кравцов, «Артек» анапхгара ҭабуп ҳәа расҳәоит иҳарҭаз адгыларазы. — «Ҳара ҳзы ари иааира дууп. Алагерь ахь ицо ахаангьы ирхамышҭуа ацәаныррақәа рзыԥшуп. Хәажәкырмза, 2024 шықәса рзы ҳара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, иарбоу аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара аԥснытәи ашколхәыҷқәа рзы аквота хыфнтә иацлартә иҟаҳҵеит. Уи иаҵанакуа алагерь «Артек» аҭаара мацара акәӡам, егьырҭ –«Орлионок», «Смена» реиԥш иҟоу урыстәылазегьтәи аххәыҷтәы центрқәагьы аҵанакуеит», - ҳәа иҳәеит Инал Габлиа.
Инал Габлиа иара убас ашколхәыҷқәа абжьгаратә жәақәак реиҳәеит: «Излауа ала ибзианы шәхы аашәырԥшы. Сара агәра ганы сыҟоуп шәара ҳара адипломқәеи ахраҿақәеи шаҳзаажәго. Сара шәара ақәҿиарақәа, аманшәалара, агәалаҟазаара бзиа шәзеиӷьасшьоит!»
Александр Кудриашов иазгәеиҭеит ахәыҷтәы лагер алахәхара еиҵагыло абиԥара ахаҭарнакцәа рыԥсҭазаараҿы ахәҭа ҿыц шаанартуа.
Аминистр Очамчыра ақалақь аҿы ахәыҷтәы лагерь аргылара шазԥхьагәаҭоу атәы иҳәеит.
«Ари аус Аԥсны ахәыҷтәы ԥсшьара аҭоурых аҿы иҿыцу лагаланы иҟалоит», -ҳәа иҳәеит Инал Габлиа.
Александр Кудриашов убасҵәҟҟьа ахәыҷқәа дрыдныҳәалеит:
«Шәара аиааира дуқәа шәгахьеит, шәара шәҟынтәи аӡәырҩы аолимпиадақәеи еиуеиԥшым аицлабрақәеи рҿы аԥхьахәқәа шәанаршьахьеит. Шәара «Артек» шәцоит асимволтә ҟазшьа змоу аамҭазы, сынтәа уи шәышықәса ахыҵуеит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алеқсеи Кудриашов.
Иара ахәыҷқәа хра злоу абжьгарақәа риҭеит.
2025 шықәсазы "Артек" Аԥсназы аквота хынтә еизнарҳаит, 2014 - 2024 шықәсқәа рыҩнуҵҟа ареспублика аҟынтәи иара иаҭаахьеит 200-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.