АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 15:15

Владимир Делба: Аԥсны иқәынхо урыстәытәи атәанчахәы зауа атәанчаҩратә шәатәқәа рыда иаанхаӡом.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьбеи Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиеи алархәны аилацхәажәара мҩаԥигеит.

Аиԥылара иалахәыз иааиԥмырҟьаӡакәа Ареспублика Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ртәанчаҩратә еиқәыршәара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Руслан Аџьба атәанчаҩратә еицҵалыҵқәа раагара аиҿкаара аганахьала аҭагылазаашьақәа реиҭакра инамаданы атәанчаҩратә еиқәыршәара азҵаарақәа рыла имҩаԥгаз урыстәылатәи рколлегацәа рыҿцәажәарақәа рылҵшәақәа рзы адырра ҟаиҵеит.  

Иахьазы, Аԥсны Амилаҭтә Банк адыррақәа рыла 15 процент рҟынӡа атәанчаҩцәа рхала урыстәылатәи акредиттә усбарҭақәа рахь ицаны анаҩс уахь урыстәылатәи атәанчахәы ахыԥхьаӡаларазы урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа еиқәдыршәеит.

Аԥсны иахьазы иҟоуп 24 нызықьҩык рҟынӡа урыстәылатәи атәанчахәы зауа, урҭ рахьынтә 4 нызықьҩык инареиҳаны  80-шықәса еиҳауп.  

Владимир Делба аиԥылара иалахәыз аиҿкааратә зҵаарақәа зегьы излауа ала ирласны рыӡбара ахымԥадатәра ахшыҩзышьҭра арҭарц абжьгара ҟаиҵеит. Аиԥылара аҿы Аԥсны иқәынхо урыстәытәи атәанчахәы зауа атәанчаҩратә шәатәқәа рыда иаанхаӡом ҳәа инаҵшьны иазгәаҭан.


Read 51 times - Аԥшьаша, 13 Хәажәкыр 2025 11:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.