АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Хәажәкыр.2025

Уарча ақыҭан амҩақәа руак Дырмит Гәлиа ихьӡ ахырҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит ҳазҭалаз ашықәс аҿы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылара раԥхьатәи апрезидиум аилатәара.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла апрезидиум алахәылацәа Аидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абхазоу 2024 шықәсазы имҩаԥгаз аусура азы иҟаиҵаз аҳасабырба иазыӡырҩит, иара убас  2025 шықәсазы аусмҩаԥгатәқәа рыплан иалацәажәеит.

Уаанӡа ишьақәыргылаз акомиссиақәа реилазаарақәа аиҭакрақәа алагалан. Алитератор ҿарацәа, аҵараиурҭақәа рҿы еиҿкаау алитературатә кружокқәа аус рыдулара азы Акомиссиа  анапхгаҩыс дҟалеит Нонна Џьынџьалԥҳа.

Ашәҟәыҩҩцәа рыҿиаратә ҭынха аизгареи аиқәырхареи  ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла афотоархив аԥҵара азҵаарақәеи рзы акомиссиақәа русура арӷәӷәара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аҳасабырбақәа ҟаҵо аилатәара аҿы иара убас иқәгылеит ажурнал «Алашара»  аредактор Хада Анатоли Лагәлааи ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор Хада Гәында Саканиаԥҳаи.  

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 80-шықәса ахыҵра азгәаҭара инамаданы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҿы аибашьратә тематика ала аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа реизга аҭыжьразы еиқәыршәахоит.  

Урыстәылатәи рколлегацәа аус рыцура аҳәаақәа ирҭагӡаны сынтәа аҭыжьра аплан иалагалоуп иара убас аԥсуа бызшәахьы еиҭагоу ҳаамҭазтәи урыстәылатәи апоетцәа ражәеинраалақәа реизга.

Уаанӡа аиԥш-зеиԥшу апроект ала ашәҟәыҩратә еидгыларақәа Жәларбжьаратәи Реилазаарала Москва ақалақь аҿы иҭыжьын аурыс бызшәахьы еиҭагаз аԥснытәи апоетцәа ражәеинраалақәа реизга «Аҟәатәи абааш» («Сухумская крепость»).

Аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеит 150-шықәса аҵра инамаданы аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2024 шықәсазы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Гәылрыԥшь араион Ахадарахь Бабышьра ақыҭан 2-тәи Уарчатәи амҩа Аԥсны Жәлар рпоет Л.И.Гәли ихьӡ ахҵазарц азы аҳәара дәықәнаҵеит. Ашәҟәыҩҩцәа иҟарҵаз аҳәара инақәыршәаны, жәабранмза 14, 2025 шықәса рзы Гәылрыԥшь араионтә Еизара аҿы амҩа ахьӡ аԥсахра азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ас еиԥш аӡбамҭа адкылара ииашоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, избан акәзар абри ақыҭан ауп дахьиз аԥсуа литература ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа.

Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла хәажәкырамза 21 азы апоезиа Адунеизегьтәи Амш азгәаҭара аҽазыҟанаҵоит, иара убас Аԥсны алитератор ҿарацәа Аҩбатәи рсеминар амҩаԥгара аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.

Уаанӡа еиԥш уажәгьы Аԥсны алитературатә ԥсҭазаара – аиубилеиқәа, алитературатә еиԥыларақәа, апоезиа ахәылԥазқәа, астол гьежьқәа, ҿыц иҭыҵыз ашәҟәқәа рӡыргара, асеминарқәа, уҳәа  хыԥхьаӡара рацәала аинтерес зцу ахҭысқәа рыла игәылҭәаахоит. 

 

 

 

 

 

 

 


Read 620 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.