Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкыра 5 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путини Аԥсны ахада ин.н. Бадра Гәынбеи реиԥылара мҩаԥысит. Уаҟа иалацәажәеит ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарагьы.
Аԥсны атәылауаа рзы Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа раиура аус излауа ала ирццакхоит ҳәа абрифинг аҿы Владимир Путини ҿыц иалху Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи реиԥылара аихшьаалақәа дрыхцәажәо аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
«Атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара азҵаарагьы ҳәарада акыр аҵак ду амоуп. Ари апроцессгьы излауа ала ирццакхоит, атәылауаа рыз еиҳа ирманшәалахоит , зегьы ирыцу – уи Аԥсны атәылауааи урҭ изызҳауа рыхшаареи рзы иахьынӡауа еиҳа ирмариахоит, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Дмитри Песков. – Уи Урыстәылатәи Аҳәынҭқарра Ахада изы аԥхьа иӡбатәу зҵаараны иҟоуп».
Ҩ-тәылауаҩрак раиуразы Аиқәшаҳаҭра атәылақәа рпарламентқәа рҿы аратификациа азырухьеит. «Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩрагьы рыҭара алагара алзыршо амеханизм ашьақәыргылароуп иаанханы иҟоу. Шәара ижәдыруеит Шәара иҟашәҵаз адгылара абзоурала ас еиԥш аӡбамҭа шрыдыркылаз, ҳтәыла атәылауаа рахьтә 70% инареиҳаны Урыстәылатәи Афедерациа ишатәылауаау. Иҟоуп ари аҩыза алшара ахархәара иахьымӡаз ауаа, иҟалозар, ус еиԥш аҭагылазаашьа ыҟазар, ас еиԥш апрограмма иацҵазар ҳҭахын», – ҳәа Владимир Путин диԥыло иҳәеит Бадра Гәынба.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иҩбоу Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаҩра рыҭара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы анапынҵақәа шриҭо атәы иҳәеит.