Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥсабарахьчара апрокуратура Амшын Еиқәа аԥснытәи аӡымҽхак иахьаҵанакуа аԥсыӡкыгаӷбақәа рыла аԥсыӡкра аԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа раарԥшразы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагеит.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчратә Усбарҭа акатер ала амшын ихылеит.
Очамчыра араион, аиланхарҭатә пункт Шәкәырча азааигәара аӡымҽхак иахьаҵанакуа иаарԥшын аилагарақәа ҩба: аԥсыӡкыгаӷбақәа ҩба «Муаммер Кая», «Яхья Юстюн» унеир ахьыҟамло азона аҿы аԥсыӡкра иаҿын.
Имҩаԥгаз агәаҭара аан аԥсыӡкыгаӷба «Яхья Юстюн» аԥсры аҿы ирбеит 10 тоннак рҟынӡа унеир ахьыҟамло азона аҿы ҿыц икыз акамшьиа.
Иаарԥшыз азинеилагарақәа рыла Аԥсны Аҳәынҭқарра Административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 86 инақәыршәаны административтә хьырхәра ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит.
Аԥсны аԥсабара иаиуз азарал ахәшьара аҭара ашьҭахь, азин еилазгаз ахараԥса дыршәахоит.