АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Хәажәкыр.2025

Урыстәыла Аԥсны афымцамч аназымхо лашарала аиқәыршәарала ацхыраара аҭара иазхиоуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәыла Аԥсны афымцамч аназымхо лашарала аиқәыршәарала ацхыраара аҭара иазхиоуп.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ  Дмитри Песков имҩаԥгаз абрифинг аҿы иацы Кремль имҩаԥысыз Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини ҿыц иалху Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи реиԥылара аихшьаалақәа дрылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура  «ТАСС».

«Аԥсны алашара азымхара инамаданы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҿы Урыстәыла зыԥшра ҟамҵакәа оперативла ацхыраара аҟаҵара иазхиоуп, - ҳәа иазгәеиҭеит Дмитри Песков. – Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа зыхҟьаз ашьхарахь ишьақәгылаз ахьшәашәара ауп. Уи инамаданы асқәа ӡыҭӡом. Убри аҟнытә Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы ҭагалан-аӡынтәи аамҭазы аӡы амаҷра иахҟьаны Аԥсны иаларгалоит аамҭеихшала алашара арцәара. Урыстәыла Аԥсны афымцамч аназымхо аамҭазы лашарала еиқәнаршәалоит.

«Ҳәарада, иҷыдоу аҭагылазаашьа аан Урыстәыла аганахь игылом. Фымцамчла аԥхьаҟагьы еиқәыршәалахоит», - ҳәа абрифинг аҿы иҳәеит Кремль ахаҭарнак, Урыстәыла Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.

 

 


Read 583 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.