Уарча ақыҭан инхо, 1966 шықәса рзы ииз Лиа Гурцкаиа дшыӡыз азы Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша ахь адырра ҟалеит хәажәкырамза 2 рзы.
Анаҩс аԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рыла Очамчыра аганахьала 50 метра ареспубликатә мҩаду хада инацәыхараны иӡыз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ абнаҿы иԥшаан. Уи мчымхарылатәи аԥсра шлоуз еилкаахеит.
Аҭҵаара мҩаԥнагоит Очамчыра араион апрокуратура.