АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Цәыббра.2022

«АХӘЫҶҚӘА РЫԤСҬАЗААРА АШӘАРҬАРА ДУ ИҬАЗЫРГЫЛО АХӘМАРРАҚӘА РАЦӘЫХЬЧАРАЗЫ ИҞАҴАТӘУЗЕИ?»: АҞӘАТӘИ АБЖЬАРАТӘИ АШКОЛ №1 АҾЫ ЗЫҚӘРА НАӠАМ ХЫЛАԤШРАДА АИНТЕРНЕТ РХАРХӘАРА ИАҴОУ АШӘАРҬАРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/ Лана Ҵәыџьба/. Б. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы  имҩаԥысит алекциа Ахәыҷқәа рыԥсҭазаара ашәарҭара ду иҭазыргыло ахәмаррақәа рацәыхьчаразы иҟаҵатәузеи?». Уи иаԥхьеит ААУ аҿы алекциақәа ирыԥхьо, апсихолог, ауаажәларратә еиҿкаара «Панорама» ахаҭарнак Елана Кортуеи аклиникатә психолог-дефектолог Иулиа Дубицкаиеи.

Алекциа рхы аладырхәит арҵаҩцәа, апсихологцәа, ареспублика ашколқәа зегьы рҟынтәи аҭаацәатә комитетқәа рлахәылацәа,  иара убас Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи рхаҭарнакцәа.

Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит атәыла аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра.

Алекциа алагаанӡа атәыла аҵарадырреи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа, ари аусмҩаԥгатә аиҳарак аҭаацәаратә комитетқәа рхаҭарнакцәа роуп иззырхоу ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит: ««арҵаҩы-аҭаацәа» рыбжьара иӷәӷәоу аимадара ада ҳара иҳалшарым реиҳабацәа реиԥш даргьы раамҭа аиҳарак аинтернет-ҵакыра аҿы изхызго ахәыҷқәа ршәарҭадара иадҳәалоу иуадаҩу апроблема аӡбара».  

Ада Кәарҷелиа аинтернет аҿы ҳәара аҭахум хра злоу аинформациа рацәаны иуоур ҟалоит, аха даҽа ганкахьала уахәаԥшуазар, уи ашәарҭарагьы аҵоуп ҳәа иазгәалҭеит.  

«Шәареи ҳареи ҳхықәкы хаданы иҟоу – ашколхәыҷқәа рзы ишәарҭам аԥсҭазаашьеи аҭагылазаашьақәеи раԥҵара. Ари аглобалтә проблема аӡбаразы иаҭахуп агәазыҳәара дууи ахшыҩзышьҭреи. Убри азоуп ҳара ари азҵаара аӡбараҿы ацхыраара аҭара зылшо  аспециалистцәа задҳаԥхьалогьы», – ҳәа илҳәеит лара.

Апсихолог Елана Кортуа ишеиҭалҳәаз ала, Иулиа Дубовицкаиеи лареи зықәра наӡам ахәыҷқәа рықәараҿы ицәырҵуа аҟазшьа аҷыдарақәеи, насгьы ахәыҷқәа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло ахәмаррақәа рыҽшаларгало ирызкны апрезентациа еиқәдыршәеит.

«Ари апрезентациа аҟны ҳара ҳҽазаҳшәеит иааркьаҿны зықәра наӡам ахәыҷқәа рҟазшьа аҷыдарақәа рылацәажәара, ахәыҷқәа иахьа зегьы злацәажәо ахәмарра «Синий кит» рыҽшаларгало, аҭаацәа, арҵаҩцәа, ашколтә психологцәа, егьыс ауааԥсырагьы, зегьы раԥхьаӡа иргыланы ахшыҩзышьҭра зырҭаша аҟазшьақәа, ацәырҵрақәа, аҭагылазаашьақәа ҳарзааҭгылеит. Ҳара иахьа ишәзеиҭаҳҳәоит зықәра наӡам ахәыҷқәа рыбжьара иҟоу аҽшьраҟынӡа уназго афакторқәеи ашәарҭарақәеи ртәы шәзеиҭаҳҳәоит», - ҳәа иазгәалҭеит Елана Кортуа.

Иулиа Дубицкаиа иахьа зегьы даараӡа акыр зҵазкуа атема алацәажәаразы араҟа еизеит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

«Иахьа ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоуп – ахәыҷқәа рықәра наӡаанӡа рҟазшьа аҽшаԥсахуа, ахәмаррақәа урҭ ишырныруа, насгьы зегьы реиҳа ихадоу азҵаара - уи ԥсыхәас иаҭатәузеи алацәажәара. Еиԥыларак аҳәаақәа ирҭагӡаны даараӡа иуадаҩуп ари атема нҭырҳәцааны алацәажәара, аха ҳара иахьа тезисла уи аарԥшра ҳҽазаҳшәоит», - ҳәа илҳәеит лара.

Алекциа ашьҭахь апсихологцәа аудиториа аҟынтәи ироуз азҵаарақәа жәпакы рҭак ҟарҵеит.

Аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра ас еиԥш иҟоу алекциақәа ареспублика ашколқәа зегьы рыҟны имҩаԥнагалоит.

 


Read 505 times - Амҽыша, 25 Цәыббра 2022 14:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.