АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Цәыббра.2022

«АДИПЛОМАТИА - АРИ АИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА РҬЫШӘЫНТӘАЛАРА ИАЗЫРХОУ МҨОУП": АМЕДИАЦЕНТНР АҞНЫ ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ АТӘЫЛА АҨНЫҴҞА ЕИԤШ УИ АНҬЫҴГЬЫ ИШЬАҚӘГЫЛАЗ АУААЖӘЛАРРА-ПОЛИТИКАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬА.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Иахьа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр аҟны аԥыза ҿарацәеи атәыла адәныҟалолитикатә Хылаԥшырҭа анапхгаҩы Инал Арӡынбеи реиԥылара мҩаԥысит.  Аиԥылара хықәкыс иаман аҿар актуалра злоу раԥшьгарақәа рынагӡара азы аплан еилахәны аус адулареи, ҳаамҭазы иҟоу ашәарҭарақәеи ақәмақаррақәеи ақәыӷәӷәарақәеи рылацәажәареи анализ рзуреи.

Аиԥылара аартуа, Инал Арӡынба «иахьатәи ҳаиԥылара амшхәаԥштә акыр иҭбаауп, уи зегьы раԥхьаӡа иргыланы, Аԥсны акәша-мыкәша ишьақәгыло аҭагылазаашьа иадҳәалоуп.   Шәара, аԥхьаҟа испециалистцәахараны иҟоу раҳасабала ижәдыруазар акәхап уи акыр аибарххара шаҵоу, саргьы даара сазҿлымҳауп уи аганахьала шәгәаанагара азыӡырҩра».

Аиԥылара зхы алазырхәыз Аԥсны Аҳәынҭқарра аиустициа аминистр Анри Барцыц азҵаарақәа жәпакы рыла аҿар рҟынтәи «аргуменқәа рыла ишьақәырӷәӷәоу апозициа» шиаҳауа азы агәыӷра шимоу азгәеиҭеит.

Раԥхьа дықәгылеит аволонтиортә еиҿкаара ацентр «Аԥеиԥш» ахаҭарнак Саид Кәланба. Уи Аԥснытәи аҿар Урыстәылатәи рықәлацәеи дареи ирыбжьоу аимадара атәы далацәажәеит. Ҿырԥштәыс иаагозар, аплатформа «Аԥсны аԥеиԥши» «Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи» рыбжьара аусеицура абжьаҵара азы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара алыршахеит. Уи иара убас, «Аиаша аҿы ауп амч ахьыҟоу» ҳәа хыс измоу ауаажәларратә еилазаара аԥҵара иаҿуп ҳәа иазгәеиҭеит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп Урыстәыла, ахәҭакахьала сынтәа 70-шықәса зхыҵуа хаҭала Владимир Путин адгылара рыҭара иазкны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара.

Инал Арӡынба ари аԥшьгара дақәшаҳаҭхеит: «Сара сгәаанагарала ари аидеиа даараӡа ииашоуп. Акыр имариам арратә операциа ҷыда мҩаԥысуеит. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ахәҭакалатәи амобилизациа азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Аҭагылазаашьа акыр аибарххара аныԥшуеит, ҳаргьы ҳреспублика азы акыр ҟазҵахьо, иахьагьы иҟазҵо Урыстәыла анапхгараҭара адгылара шаҳҭо азы аҳәамҭа ҟаҳҵар ауеит.

Анаҩс еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит амилаҭтә платформа «Аԥсны Аԥеиԥш» акоординатор Милана Ҳашба, уи  аҟыбаҩи аперспективреи злоу Аԥсны аҿар ацхыраара рыҭара хықәкыс измоу ари асоциалтә лифт аусура атәы еиҭалҳәеит. Аплатформа иабзоураны аҿар аӡәырҩы  иԥхьагылоу аҵараиурҭақәа  ирҭалеит, хыԥхьаӡара рацәала аҿар иара убас қәҿиарала рзанааҭтә дырра аизырҳара акурсқәа иахысуеит, егьырҭ аԥышәахысра апрограмма иахысуеит.

Уи ишазгәалҭаз ала, «Аконкурс «Аԥсны агәадура» раԥхьаӡа акәны имҩаԥган 2020 шықәсазы.

«2021 шықәсазы ҳара уи апандемиа иахҟьаны иаҳзымҩаԥымгаӡакәа иаанхеит. Сынтәа иалкаахахьеит аиааира згаз, урҭ рыхьӡқәа хара имгақәа ирылаҳахоит», – ҳәа иазгәалҭеит лара.

2020 шықәсазы аконкурс «Аԥсны агәадура» афиналистка Милана Ҵәыџьԥҳа атәыла аҩныҵҟа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азы агәҭычымра аалырԥшит.

«Ҳара иахьа иаабаратәы иҟоуп иааҟәымҵӡакәа имҩаԥысуа атәыла анапхгареи аоппозициеи, хазы игоу аполоитикатәии ауаажәларратә еиҿкаарақәеи реиҿагылара.  Иазгәасҭарц сҭахуп атәыла аҩныҵҟа аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәырхара ҷыдала аиҷаҳара шахәҭоу.  Ҳауаажәларратә еилазаара аҟны апатриотизми аԥсадгьыл ахь абзиабареи аазырԥшуа амонополизациа зызу ацәаныррақәа аҳра руеит», - ҳәа илҳәеит лара.

Анаҩс лара аҳәынҭқарратә дача “Пицунда” Урыстәыла Афедералтә Хьчаратә Маҵзура ахатәрахьы аиагара апроблемагьы дазааҭгылеит: «Иахьа Пицунда иҟоу аҳәынҭқарратә дача азҵаара акыр иҵарны иқәгылоуп, уи акәша-мыкәша еиуеиԥшым ацәажәарақәа рацәоуп. Ҳара ари азҵаара ҳаламцәажәар ҟалом, избан акәзар, уи ауаажәларра рыҩныҵҟа акыр арезонанс аҟазшьа аанахәеит, ахылҟьа-ҿылҟьа ахылҿиааит.  Иаҳхамышҭыроуп, ҳара зегьы ҳшаԥсыуаау, зегьы аибашьреи аибашьрашьҭахьи ахҟьаԥҟьақәа  иахьа уажәраанӡагьы изныруа ауаа шҳаку».

Ақәгылаҩ лажәақәа рыла, акырӡа аҵанакуеит аҩныҵҟаполитикатәи ауаажәларратәи адиалоги, иара убас ҳатрадициақәеи ҳҳәынҭқарратә шьақәгылашьеи ҳаҭырла иазныҟәо, ҳсуверенитет азхаҵара мап ацәызымкуа Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара.

«Хымԥада еилкаатәуп, адипломатиеи аиҩызареи – ари аизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара иазырхоу, хра злоу аҽазышәарақәа рылҵшәа ахьуԥыло мҩоуп»,  -ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи хаҭарнакцәа рымадара азы изнакымкәа-ҩынтәымкәа илҵшәадахаз аҽазышәарақәа рышьҭахь, Анри Барцыц  аиԥылара иалахәыз зегьы аҳәынҭқарратә дача «Пицунда» аганахьала доусы ргәаанагара аартны ирҳәарц азы ажәалагала ҟаиҵеит.

Азныказы ари азҵаара алацәажәара уарымарыданы, зҿлымҳара дук амамкәа имҩаԥысуан. Аспикерцәа рӷьырак аиқәшаҳаҭра иаҵоу аиуристтә кәамаҵамарақәа рзы иахәҭоу адыррақәа рымаӡам ҳәа иазгәарҭон.  

Аха уеизгьы, аиҿкаара «Аԥеиԥш» ахаҭарнак Нарҭ Дбар ари апроблема азы игәаанагара иҳәеит.  Уи игәаанагарала 1995 шықәса рзы ишьақәырӷәӷәаз аиқәшаҳаҭра ахархәара еиҳа еиӷьуп, избан акәзар уаҟа иарбоу аҳәынҭқарратә дача Урыстәыла Афедералтә Хьчаратә Маҵзура ахатәрахьы аиагара акәымкәа, уи ҽҳәара змам ахархәара ауп иарбоу. Иара убас, 1995 - шықәса рзы ишьақәырӷәӷәаз аусшәҟы аҟны аҳәынҭқарратә дача иаҵанакуа амшын Еиқәа аӡымҽхак атәы жәакгьы арбам.

Аԥсны аиустициа аминистр иҿыцу аиқәшаҳаҭра иамоуп ахатәы ԥыжәарақәа ҳәа иазгәеиҭеит. Убас, ҿырԥштәыс иаагозар, ари аобиект хархәашьас иаиуо, иара убас зхы иазырхәо атәы инҭкааны иазгәаҭоуп, уи ахԥатәи ахаҿқәа рахь аиагара шыҟамло арбоуп, аҳәынҭқарратә дача иаҵанакуа адгьыли амшын Еиқәа аӡымҽхаки қьырала ирыҭахоит.  

«Аҳәынҭқарратә дача «Пицунда» иаҵанакуа амшын Еиқәа аӡымҽхак ахәҭак ахархәара  аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу анапхгаратә хаҿқәа рыхьчараан иалкаау ашәарҭадара аԥкаанҵақәа рыла иҳәаақәҵоуп», – ҳәа иажәа иацҵо иҳәеит Анри Барцыц.

Инал Арӡынба ишазгәеиҭаз ала, иарбоу аобектқәа рыҭара иаанагаӡом уи ала араҟа ҳаԥхьаҟа имҩаԥысло аргыларатә усурақәа раан аԥснытәи аган агәаанагара зынӡа ахшыҩзышьҭра аҭахаӡом ҳәа.  Уимоу, ари ауникалра зҵоу аԥсабаратә зона аекологиатә шәарҭарақәа рыԥхьырҟәҟәаара алыршаразы, аргыларатә усурақәа зегьы аԥснытәи аган ақәыршаҳаҭрала имҩаԥыслоит.

«Адгьыл аҭиара мҩаԥгахоит ҳәа иҟоу ацәажәарақәа зегьы – ари ажәлар ирыладырҵәо, ауаа  рымҩахҟьара иазку мцуп»,- ҳәа иҳәеит иара.  


Read 432 times - Амҽыша, 25 Цәыббра 2022 15:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.