Нанҳәамза 25 инаркны цәыббрамза 20 аҟынӡа апрокурорттә зхьаԥшра аусмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны, 10 млн 591 нызықьи 388 мааҭи рҟынӡа инаӡо ашәахтәшәаҩцәа ирықәыз ауалқәа ршәара алыршахеит. Зынӡа ԥхынгәымза 1, 2022 шықәса раахыс иахьа уажәраанӡа ишәаз ашәахтә шәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 33 млн. 667 нызықьи 905 мааҭи рҟынӡа инаӡоит.
Агәаҭарақәа ирыцҵоуп. Урҭ реихшьаалақәа рыла азакәан иазԥхьагәанаҭо ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит.