Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазылхратә шәатәқәа рзы аплантә хыдҵақәа рынагӡара амҩаԥысшьа иалацәажәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы анапхгаҩцәа Оҭар Хьециеи Алиас Лабахәуеи алархәны имҩаԥигаз аусуратә еилатәара аҿы, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы иҟанаҵо адыррақәа рыла, ашықәстәи аплан анагӡара 82,4% рҟынӡа инаӡеит.
Аплан ала иарбоу 1 млрд 512 млн. 500 нызықь мааҭи рҟынтәи, 2022 шықәса 8 мзы ирылагӡаны иалагалахеит 1 млрд 882 млн. мааҭ, цәыббрамза 1 инаркны цәыббрамза 21 аҟынӡа аҳазылхратә шәатәқәа 174 млн. 900 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убас ала, аҳазылхратә шәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 2 млрд. 56 млн. 900 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҳазылхратә Еилакы анапхгараҭара ишазгәанаҭо ала, акциза зцу атауарқәа (иџьбароу арыжәтәи аҭаҭын аалыҵқәеи) рыла ашәатәқәа реиҵахара убаратәы ишыҟоу. Уи еицырдыруа асанкциатә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны иҟалаз аагарақәа рлогистика аҿы иҟалаз аилагарақәа ирыдҳәалоуп. Убри иахҟьаны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы иазԥхьагәаҭаз 460 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо акцизатә хашәалахәқәа ралшәара шыҟоу азгәанаҭоит.
Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа игәаанагарала, ицәырҵыз апроблемақәа аихшьаалатә рбагақәа ирныԥшӡом.
Аԥыза-министр Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы анапхгараҭара аплан ала иазԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа рынагӡара ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭарц азы адҵа ҟаиҵеит.