АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Цәыббра.2022

АШЫҚӘС АЛАГАРА ИНАРКНЫ АТӘАНЧАХӘҚӘЕИ АԤАРАТӘ ЦХЫРААГӠАТӘҚӘЕИ РШӘАРА АЗЫ ИАЗОУЖЬХЕИТ 825,8 МЛН. МААҬ.

Аҟәа.  Цәыббрамза  21, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс. Ареспублика атәанчаратә система аусура азҵаарақәа, Атәанчаратә Фонд аусура аиӷьтәреи иҟоу апроблемақәеи ирызкын  атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи  рминистр Руслан Аџьба, Атәанчаратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа, абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь,Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа алархәны имҩаԥигаз аусуратә еилатәара. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Денис Гәылариа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза 1 инаркны цәыббрамза 1-нӡа атәанчахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәеи иназыцҵоу ашәатәқәеи ршәара азы иазоужьхеит 825 млн 828 нызықь мааҭ, уи иҳаҩсыз ашықәс азы иҟаз аасҭа 83 млн. мааҭ рыла еиҳауп. Усҟан аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ишәан  742 млн 280 нызықь мааҭ.  

Ҳазҭоу ашықәс 8 мзы рыла Атәанчаратә фонд ахь иалагалахеит зеицҵалыҵ 679 млн. 610 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡоз абгаԥсатә лагалақәа, уи   2021 шықәса аан иҟаз алагалақәа раасҭа 100 млн. 126 нызықь мааҭи рыла еиҳауп. Ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи адотациақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 140 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

2022 шықәазы атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи зауа рхыԥхьаӡара 49 172-ҩык рҟынӡа инаӡоит, уи  иҳаҩсыз ашықәс азы аасҭа 968 - ҩык рыла еиҳахеит.

Атәанчахәқәа рахь иназыцҵоу ашәатәқәа зауа рхыԥхьаӡара 11 387-ҩык рҟынӡа инаӡоит, уи  2021 шықәса азы аасҭа 1 577-ҩык рыла еиҳахеит.  

2022 шықәса алагара инаркны цәыббрамза 1- нӡа атәанчахәқәа рахь иназыцҵоу ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ  190 млн. 272 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡеит. 

Атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи ршәара аганахьала иҟаз аиҵахара еиҳа имаҷхеит. Атәанчаратә фонд иҟоу аҵахара зынӡа ахарҭәаара азԥәьагәаҭаны иамоуп: цәыббрамза 19 рзы Атәанчаратә Фонд 1992-93 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иадәалоу ркатегориа иаҵанакуа атәанчаҩцәа ҳазҭоу ашықәс азы ртәанчахәқәа рфинанстәра иалагеит.

Иара убас, Атәанчаратә Фонд ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа еиҳаны абгаԥсатә шәатәқәа ралагара ҟалап ҳәа иақәгәыӷуеит.

Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа иҟаиҵаз аинформациа ала, урыстәылатәи атәанчахәы зауа рхыԥхьаӡара 32 нызқьи 200-ҩык рҟынтәи  25 нызықьҩык рыла иагхеит.  Убри инамаданы, Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк атәанчахәқәа ршәара аграфик аиҭахәаԥшра мҩаԥнагеит.  Уаанӡа  уи ашәара 10-15 усуратә мшы ирылагӡаны имҩԥыслон, убри аҟнытә афбатәи ақәратә гәыԥ иаҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәқәа иааиуа амз иахылаз аиҵахарала ироуан. Уажәы атәанчахәқәа ршәара 8-10 усуратә мшы рыла инагӡахоит, уи ашәатәқәа рыграфик «амзи амзи ирықәшәо» аҭышәныртәалара алнаршоит.

Атәыла аԥыза-министр асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрреи Атәанчаратә Фонди рнапхгаҩцәа атәанчахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, иара убас иназыцҵоу ашәатәқәа ианаамҭоу ашәара иазку ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгареи, абгаԥсатә шәатәқәа ралагалара алҵшәақәа реиӷьтәреи, ауал зқәу активла аус рыдулареи, уҳәа  рзы  адҵа риҭеит. 

Алеқсандр Анқәаб Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Атәанчаратә Фонди  абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы адыԥхьаланы атәыла атәанчаҩратә система аусура аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны анорма-зинтә механизмқәа аус рыдулара мҩаԥыргарц аԥшьгара ҟаиҵеит.


Read 483 times - Асабша, 24 Цәыббра 2022 12:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.