АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Цәыббра.2022

АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АӠБАРҬА АШПИОНАЖ АЗЫ АХАРА ЗДУ КРИСТИНА ТАКАЛАНӠЕ ЛБААНДАҨТӘРА ИАЦНАҴЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәатәи ақалақьтәи аӡбарҭа Аԥсны аҳәынҭарра аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аусеилыргаратә ҟәша аусеилыргаҩ  Смыр А.Д., Такалаӡе Кристина Володиа-иԥа лганахьала иалху ахьырхәра аҭакрала ацҵара азы иҟаиҵаз аҳәара иахәаԥшит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь аӡбарҭа аофициалтә саит.  

Заанаҵтәи аусеилыргара ишышьақәынагылаз ала, Кристина Такалаӡе, аҳәаанырцәтәи аԥшыхәра аҟынтәи илоуаз адҵа инақәыршәаны, иҷыдоу амаҵзура амотивқәа рыла, цәыббрамза,  2021 шықәса инаркны ԥхынгәымза, 2022 шықәса аҟынӡа  гәҭакыла Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан ахьчара аҵаҟа иҟоу арратә, аҳәынҭқарратә, уҳәа егьи имаӡоу аинформациа иаҵанакуа адыррақәа реизгареи, анаҩс аԥшыхәратә гәҭакқәа рынагӡаразы Қырҭтәыла иҷыдоу амаҵзурақәа рхаҭарнакцәа рахь аиагареи лнапы алакын.

Цәыббрамза 16, 2022 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ  Екатерина Ҭырқьба Аԥсны аҳәынҭарра аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аусеилыргаратә ҟәша аусеилыргаҩ  Смыр А.Д., Такалаӡе Кристина Володиа-иԥа лганахьала иалху ахьырхәра аҭакрала ацҵара азы иҟаиҵаз аҳәара ақәшаҳаҭра азы аӡбара лыдылкылеит. Кристина Такалаӡе ҭакрала лбаандаҩтәра аамҭа  ҩымз ацҵоуп.  


Read 356 times - Асабша, 24 Цәыббра 2022 11:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.