АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АИҚӘԤАҨЦӘА ҾАРАЦӘА ЧЕРКЕССК АҚАЛАҚЬ ИМҨАԤЫСЫЗ АТУРНИР АҾЫ АԤХЬАХӘТӘ ҬЫԤҚӘА ААНЫРКЫЛЕИТ.

Аҟәа.  Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза    16 -  18 рзы Черкесск ақалақь аҿы имҩаԥысуан Урыстәыла аспорт азҟаза Роберт Џьемакулов игәалашәара иазкны Иаарту ареспубликатә турнир.  

Атурнир рхы аладырхәит 400 – ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны, Ҟарачы-Черқьесстәи Ареспублика, Даӷьсҭантәи Ареспублика, Краснодартәи атәылаҿацә, иара убас егьырҭ Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи аспортсмен ҿарацәа. Атурнир аихшьаалақәа рыла, аԥснытәи аспортсменцәа аҩбатәи ҭыԥк, ахԥатәи ԥшь-ҭыԥк ааныркылеит.

Аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Никита Лежьиа (акапантә категориа 41 кь.), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Сандро Жьиба (ак/к - 39 кь.), Абазг Фет-оӷлы (ак/к - 30 кь.), Данаҭ Партанаӡе (ак/к - 33 кь.),  Максим Адлеиба (ак/к - 44 кь.).

Аспортсменцәа азыҟарҵоит  Игорь Бераиа, Џьон Партанаӡе, Размик Алабиани Мераб Хашба.

Аспортсменцәа аицлабрақәа рахь рышьҭра алыршахеит Владимир Амаршьан ихьӡ зху абокс, аиқәԥара, атлетика хьанҭа азы Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә ашкол ала.


Read 397 times - Ахәаша, 23 Цәыббра 2022 21:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.