Хыхь зыӡбахә ҳәоу инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқаррахь ԥсшьара ма даҽа хықәкык азы иаауа ршәарҭадаразы агәҭынчымра мзызк аман иҟам.
Аҟәа. Абҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҭаауа, мамзаргьы иаҭаарц згәы иҭоу асасцәеи атуристцәеи, иара убас, атуристтә еилазаара дуқәеи онлаин-ресурсқәеи иднардыруеит ареспубликаҿы аҭагылазаашьа инагӡаны ишҭышәынтәалоу, шәарҭара шыҟам.
Абҵарамза агәазы иҟалаз аполитикатә кризис аҭыԥантәи, аҩныҵҟаполитикатә ҟазшьа аман, насгьы аконституциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ихыркәшахеит. Атәылаҿы аҭагылазаашьа ҭынчуп, аиҳабыратә усбарҭақәа еснагь еиԥш рнапынҵақәа нарыгӡоит. Иахьа атәылаҿы аилаҩынтрақәа мҩаԥысуеит ҳәа иҟаҵо иарбанзаалак аҳәамҭақәа иашам, иҵаҵӷәыдоуп.
Хыхь зыӡбахә ҳәоу инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқаррахь ԥсшьара ма даҽа хықәкык азы иаауа ршәарҭадаразы агәҭынчымра мзызк аман иҟам.