Уи лажәақәа рыла, аконституциатә хылаԥшра аусбарҭа аԥҵара алагара Аконститциа ахәбатәи ахы аиҭакрақәа ралагалареи Аконституциатә ӡбарҭа азинмчы алызкааз ахәҭаҷ 72.1 ацҵареи ирыдҳәалахеит. Ирыдыркылеит азинтә статуси аконституциатә аӡбареиҿкаареи ҳәаақәызҵоз хадара злоу азакәанқәа, – «Аӡбаратә мчра азы Азакәан», иара убас «Аконституциатә иурисдикциа азы» Азакәанеидкыла.
Ареспублика Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаратә система иаҵанакуеит, аха убри аан уи, аконституциатә хылаԥшра аусбарҭа аҳасабала, иара Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа зегьынџьара Аконституциа ахадара шьақәзырӷәӷәо аҳәынҭқарратә усбарҭаны иҟоуп.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Аконституциа 30- шықәса ахыҵра иазку I Аԥснытәи азиндырратә амчыбжь аартра иалахәыз зегьы дрыдныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст еизаз дырзаԥхьеит Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.
«Абҵарамза 26, 1994 шықәса Аԥсны аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа рыцхәны иҟоуп. Ари амш аҽны Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ареспублика Аԥсны Аконституциа аднакылеит. Ареспублика Аԥсны 30 шықәса рыла еиуеиԥшым ашьақәгылара аетапқәа ирхысит. Аетапқәа зегьы рзы хазы ахыдҵақәа ықәгылон, иаҭахын иҿыцу азнеишьақәа рыԥшаара. Ауаажәларра рыҩныҵҟа иҟалоз аиҭакрақәа, Аконституциа ианымԥшыр залшомызт. Иахьа аԥсҭазаара иаҳнарбоит Ареспублика Аԥсны Аконституциа ҩаԥхьа аиҭакрақәа шалагалатәу», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.
Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Валери Зорькин Ареспублика Аԥсны Аконституциа 30-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ааишьҭит.
«Аҳәынҭқарра ихадоу азакәан — ари уи ашьақәгыларазы иҟоу адыррақәа ранҵара мацара акәӡам, уи аҳәынҭқарра аҭоурых аарԥшреи, иара убас уи анаҩстәи аҿиара ахырхарҭа алкаареи ауп. Ареспублика Аԥсны Аконституциа атәыла аҭоурых ҳаҭырла иазнеиуеит, аҳәынҭқарреи ауаажәларреи ҳаамҭазтәи рыԥсҭазаара апараметрқәа алнакаауеит, атәылауаа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш азы агәыӷреи агәазҭазаареи рнаҭоит. Аҭоурахтә процесс ашәагаақәа рыла уахәаԥшуазар, 30 шықәса акыр идуум аамҭахәҭаны ишыҟоугьы, Аконституциа иарбоу аамҭа аҩныҵҟа иамоу аеффективра шьақәнарӷәӷәеит ҳәа уҳәар алшоит», - ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.
А.А.Тибилов ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ауниверситет аректор Вадим Тедеев Аԥсны Аконституциа 30 - шықәса ахыҵра иазку I Аԥснытәи азиндырратә амчыбжь аартра иалахәу зегьы дрыдныҳәалеит.
«Гәахәарыла иазгәасҭар сҭахуп иахьа Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҭынч ԥсҭазаара шамоу, 16 шықәса раахыс ҳара ҳҿы иҟам аибашьра, аҭынч ԥсҭазаара шьақәгыланы иҟоуп. Ҳадгьыл аҿы аҭынчра ҟалеит ауаԥс жәлари Кавказ аиашьаратә жәларқәеи хацәнымырха ахақәиҭразы рықәԥара иабзоураны», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Вадим Тедеев.
Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭеи А.А. Тибилов ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Аҳәынҭқарратә Университет аусеицуразы Амеморандум рыбжьарҵеит.
Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Ареспублика Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиеи А.А. Тибилов ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Аҳәынҭқарратә Университет аректор Вадим Тедееви.
Абҵарамза 25 – 26 рзы Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа «Ареспублика Аԥсны Аконституциа – 30 шықәса ахыҵра: аихшьаалақәа, иҿыцу ахыдҵақәеи аҿиара аперспективақәеи», иара убас Ареспублика Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа аиубилеитә Дарранҵа аӡыргара мҩаԥысуеит.