«Афонд аҵыхәтәантәи ҩы-шықәса рыҩныҵҟа ацхыраагӡатә ԥаратә хархәагақәа рышьҭыхразы ажәалагала хынтә атәыла анапхгарахь ицәырнагахьеит. Иарбоу аамҭа аҩныҵҟа аус зуеи аус зымуеи аҭаацәа рзы ахәыҷы иира азы шықәсыки бжаки рыҩныҵҟа ирызшәахо аԥаратә цхыраагӡатәқәа ҩынтә еиҳаны ишьҭыххеит, урҭ 27, 22, иара убас 7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Аҭаацәа ахәыҷы ибара азы аԥаратә цхыраагӡатәқәа ахәыҷы шықәсыки бжаки ихыҵаанӡа есымза ирызшәахоит»,- ҳәа адырра ҟаиҵеит Бакур Бебиа.
Иара ҷыдала иазгәеиҭеит Афонд азы хықәкы хаданы ишыҟоу иҟоу аинфлиациатә процессқәа, иҭышәынтәалам аполитикатәи жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа аан ауаа аматерилтә дгылара рыҭара алыршара. «Афонд аусура аус зуа ауаҩы аҳәынҭқарра аҟынтәи адгылара инырыртә аҟаҵара иазырхоуп», ҳәа иазгәеиҭеит Бакур Бебиа.