Аҟәа. Абҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылантәи иаашьҭхо афымцамч зыхә шәоу ахәҭа ҳазҭоу амчыбжь аԥшьашанӡа иҟоу адефицит ахарҭәааразы иҳазхоит. Афымцамч ала аиқәыршәара иазкны имҩаԥгаз аусуратә еилатхәара аҿы абри азы Бадра Гәынба адырра ииҭеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.
Аилатәараҿы афымцамч ала аиқәаршәара иадҳәалоу аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп ҳәа иазгәарҭеит. Иаашьҭхо афымцамч ахәԥса ашәаразы аԥаратә хархәагақәа рыԥшааразы абиуџьеттә ныхтәқәа рыхәҭак еиҭарыхәаԥшхоит, ауал зқу аиуристтә хаҿқәа рганахьала ахьырхәратә санкциақәа рымҩаԥгарагьы уахь иналаҵаны.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба иааиуа амчыбжь азы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афымцамч аашьҭра азы ихымԥадатәиу аԥаратә хархәагақәа рыԥшааразы анапынҵақәа иҭан.
Бадра Гәынба аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба анагӡаратә мчра аусбарҭақәа ахархәара зауз афымцмч ахәԥса ашәатәқәа рылгара алыршаразы активла русура ахылаԥшра аиҭарц, иара убас ареспубликатә унитартә наплакқәеи егьырҭ аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәеи абиуџьетнҭыҵтәи афондқәеи рҿы иҟоу ихымԥадатәиу афинанстә хархәагақәа реидкылара ахылаԥшра аиҭарц азы анапынҵа ииҭеит.
Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала афинанстә цхыраара ахәҭак ақәынкылара инамаданы, атәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо урыстәылатәи аган алархәны иахәҭоу аконсультациақәа рымҩаԥгара азы анапынҵа иҭоуп.