АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АТРАНСФЕР АНЫҞӘЦАҨЦӘА РЕИЛАЗААРА АИБАШЬРА АВЕТЕРАНЦӘА АЦХЫРААРА РЫҬАРА ИАЗКНЫ ИМҨАԤНАГО АКЦИА АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ ИАХЬАЗЫ ЕИЗГОУП 471 НЫЗЫҚЬ МААҬ.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны атрансфер аныҟәцаҩцәа реилазаара Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 29-шықәса ахыҵра инамаданы, аибашьара аветеранцәа ацхыраара рыҭара иазку агәыҳалалратә акциа мҩаԥнагоит.

Цәыббрамза 21 азы иҟаз адыррақәа рыла, акциа рхы аладырхәит 354-ҩык. Иахьазы еизгоуп  471 000 мааҭ.

Аԥаратә цхыраара рырҭахьеит актәи агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа Ҵәыџьба Р., Задикиан Т., Атиан Т.,  Ишутинов А.,   Ковалиов С., Савосин А., Мумџьиан Иу.  Урҭ зегьы рыцыԥхьаӡа жәаба-жәаба нызықь рыҭахеит.

Егьырҭ еизгаз аԥаратә хархәагақәа аинвалидцәа ирыҭахоит цәыббрамза 26, 2022 шықәсазы 1992 – 1993шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа араионтәии ихадоуи афондқәа рҿы.  

Аԥаратә хархәагақәа реизгара иацҵахоит.

Абанктә хсаалага «Тинькофф» аномер -  5536 9141 1510 6936, Алиас.

Аԥарақәа реизгара иара убас рхы аладырхәит: «RED Taкси», Москва ақалақь атранспорттә еилазаара (Чепарин Е. А.), «Иҷыдоу азкызаара змоу атрансфер» (Ҷокәуа Р. В.), «  Атрансфер Аҟәа–Шәача, Моремолл» (Маниа М. И.), «Дильбер тур» (Шапковски Т. Д.),   «Афонҿыцтәи атакси»,  хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа Шьаданиа М. А. , Кардаа Б. Г.,  «Атакси Ельбрус» (ақ. Аҟәа), «Атакси Грант» (ақ. Аҟәа), Чичба Диана,  Voxy & Noah club of APSNY (Кәакәасқьыр В. О.) Москватәи Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны»,  Атурфирма "Антар" (Барцыц А. В.),   Сергеи Ишьенко, «Аҳаирбаӷәаза амҩақәҵаҩцәа ргәыԥ» (Варданиан Р.В. , уҳәа убас аӡәырҩы.

Аԥаратә хархәагақәа иаауеит иара убас Аԥсны еиуеиԥшым араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи.

Атрансфер аныҟәцаҩцәа Реилазаара агәыԥ аусура акоординатор -  Хашба М. А.

Акциа иалаху Аԥсны ажәлар иааиуа Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рныҳәамш рыдырныҳәалоит, ирзеиӷьаршьоит агәабзиара, аҭынчра, аизҳазыӷьара, ақәҿиарақәеи аманшәалареи!  

 


Read 435 times - Ахәаша, 23 Цәыббра 2022 17:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.