АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Цәыббра.2022

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АХАҚӘИҬТӘРА АМШ АЛАМҬАЛАЗЫ АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АШКОЛҚӘЕИ АХӘЫҶБАҲЧАҚӘЕИ РҾЫ АГӘАЛАШӘАРАТӘ АКЦИАҚӘА МҨАԤЫРГОИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь Ахадара аҵарадырра Аусбарҭа апроект «Сахьынхо, аҵара ахьысҵо ақалақь азы издыруазеи сара» ҳәа хыс измоу апроект нанагӡоит.  

Ари апроект анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит акциа «Агәалашәара амҩа». Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш ( Цәыббрамза  27, 1993 шықәса) аламҭалазы аҳҭнықалақь ашколхәыҷқәа ақалақь амҩадуқәа зыхьӡ аху аибашьцәа хьӡырҳәагақәа знысыз амҩа ахцәажәара мҩаԥыргоит, ҳәа иаанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.  

Ақалақь ашколқәа зегьы ирымоуп алшара арепортаж аҳасабала аибашьра афырхаҵа ихьӡ зху амҩадуқәа руак аҭоурых ахцәажәара.  

Акциа ахықәкы хада – аҵаҩцәа рлеишәатәии рдоуҳатәи аҟазшьақәа реихаҳара, апатриотизм рылааӡара, ақалақь аҭоурых иааизакны атәыла аҭоурых ишахәҭаку деилыркаара.

1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  29-шықәса ахыҵра аламҭалазы Аҟәа ақалақь ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи зегьы рыҟны агәалашәаратә акциақәа мҩаԥгахоит, аветеранцәа рԥыларақәа, акласстә сааҭқәа, «афырхаҵара аурокқәа», ашьыжьқәгыларақәа, уҳәа убас ирацәаны.

«Арҭ аусмҩаԥгатәқәа аибашьра аветеранцәеи атыл афырхацәеи ргәалашәара адагьы, урҭ ахәыҷқәа Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьреи аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи рҭоурых атәы аилкаара азы алшарақәа рзаԥнаҵоит», - ҳәа иазгәарҭоит Аҟәа ақалақь Ахадара, аҵарадырра Аубарҭа аҿы.

 


Read 470 times - Ахәаша, 23 Цәыббра 2022 17:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.