Адепутат Алмас Акаба иқәлара иадҳәалоу авидеоматериалқәа ракәзар, аминистр ихаҭыԥуаҩ иҟаиҵаз адыррақәа рыла, урҭ аӡбаҩ уи азы азыҳәара ҟаиҵар, аӡбарҭахь идәықәҵахоит. Иарбоу ахаҿқәа Аԥсны Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 166 Амбжьахра» инақәыршәаны, ахьырхәра аҳасабала ирзалхза ҟалоит аџьаԥса иреиҵаӡоу ашәагаақәа ҩба инаркны хәба рҟынӡа инаӡо ахараԥса аршәара, мамзаргьы мызкы аҟынтәи ҩымз рҟынӡа аулафахәы 20 процент рҟынӡа ақәынкыларала ариашаратә усурақәа рынагӡара, аус аҭагылазаашьақәа рыла, азин еилазгаз ихаҭашьара ҳасаб азуны иарбоу ахьырхәратә уснагӡатәқәа азхом ҳәа ишьақәыргылахар, усҟан, — 30 мши-ҵхи рыҩныҵҟа административтә баандаҩра.
Ҭенгиз Агрба ирбаандаҩра афакт азы азҵаара аҭак ҟаҵо, апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ, абҵарамза 11 рзы аӡбарҭа ала уи ихақәиҭтәразы азыӡба аднакылеит, аха нас ишеилкаахаз ала, уи иҭагылазаашьа азы аилыркаага ԥаршеин.
Адепутатцәа ишазгәарҭаз ала, азакәан инақәыршәаны, аӡбарҭа азыӡба нагӡазароуп. ___
Ашәахьа, абҵарамза 11 рзы убри аамҭазы изаамҭанытәиим асессиа аилатәара ахьымҩаԥысуаз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахыбра аҿаԥхьа, аоппозициа ахаҭарнакцәеи адепутатцәа руаӡәи рыбжьара аинцидент ҟалеит.
Ахәылбыҽха, Аҟәа уахьналало, амчратә структурақәа рхаҭарнакцәа иааныркылеит Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи адепутат Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи, иара убас азиндырҩы Омар Смыри ауаажәларратә усзуҩ Рамаз Џьопуеи. Аҵхабжьон азы арепсублика апрокурор Адгәыр Агрба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, дара Апарламент ахыбра аҿаԥхьа иҟалаз аинцидент иалахәын ҳәа агәҩара ыҟоуп. Иара уи «адепутат иганахьала азинеилагаратә уснагӡатә» аҳасабала дахәаԥшуеит.