Аҟәа. Абҵарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә Палата алахәылацәа ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит дара иахьа аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы имҩаԥыргаз аиҿцәажәақәарақәа ртәы.
Ауаажәларратә Паалата амаӡаныҟәгаҩы Гәыли Кьычба аполитикатә кризис ажәлар зегьы, ауаажәларра зегьы ӷәӷәала иаргәамҵит, акыр агәҭанчымра рызцәырнагеит ҳәа иазгәалҭеит.
«Аҭагылазаашьа аибарххара ианалага, ҳара иаарласны Ауаажәларратә Палата аҷыдалкаатә еилатәара мҩаԥаагарц ҳаизеит. Аганқәа (атәыла анапхгареи аоппозициеи – аред. АП) рыбжьара абжьаҟазаратә еиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы Ауаажәларратә Палата аусуратә гәыԥ аԥҵаразы адгалара ҟаҵан. Сократ Џьынџьал, Ерасҭ Агәмаа, иара убас егьырҭ гәыԥҩык Апалата алахәылацәаАҳәынҭқарра Ахада, Апарламент, иара убас аоппозициа ахаҭарнакцәа ирыҿцәажәарц азы идәықәҵан», -ҳәа еиҭалҳәеит лара.
«Еиӷьуп жәашықәсала аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара, мышкы аибашьра аасҭа», - ҳәа Асовет Еидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Андреи Грамыко иажәақәа ааго илҳәеит Гәыли Кьычба.
Ауаажәларратә Палата алахәыла Ерасҭ Агәмаа иара напхгара зиҭоз аусуратә гәыԥ аилазаараҿы иҟан Сократ Џьынџьал, Леонид Осиа, Низам Хапати Ҭамаз Кецбеи ҳәа иазгәеиҭеит. «Апарламент аҿы аиҿцәажәарақәа рышьҭахь, ҳара ҳдәықәлеит Аҳәынҭқарра Ахада ишҟа. Уаҟа инарҭбаау ацәажәара мҩаԥысит. Аҳәынҭқарра Ахада иаха ахәылбыҽха иаанкылаз ауаа иахьа ишоушьҭхо азы агәра ҳиргеит.
Аҳәынҭқарра Ахада ҳаниҿцәажәа ашьҭахь ҳара иаразнакҵәҟьа Гәымсҭатәи ацҳа ахь ҳдәықәлеит. Араҟа аоппозициа ахаҭарнакцәа ҳарԥылеит, ирзеиҭаҳҳәеит Аҳәынҭқарра Ахадеи ҳареи ҳаиҿцәажәара атәы. Ахәҭакахьала, аоппозициа аԥхьагылаҩцәа иаанкылоу ауаа шааурыжьҭуаҵәҟьа дара Гәымсҭатәии Кәыдрытәии ацҳақәа шаадыртуа азы ажәа ҳарԥеит. Абас еиԥш аус аҟаҵара ҳалҳаршеит ҳара иахьатәи амш азы. Ишыжәбо еиԥш, зкгьф маншәаланы имҩаԥысит: аҷкәынцәагьы аурышьҭит, ацҳақәагьы аадыртит», – ҳәа иҳәеит Ерасҭ Агәмаа.
«Ҩымш аҭагылазаашьа акыр аибарххара аныԥшуан. Убри аҟнытә ҳара шьыжьы инаркны Ауаажәларратә Палата аҿы ҳаизеит иҟоу аҭагылазаашьеи уи алҵшьас иҟаҵатәуи ҳалацәажәарц азы», – ҳәа ажурналистцәа рахь ихы рханы иазгәеиҭеит Ауаажәларратә Палата алахәыла, Аԥсны Афырхаҵа Леонид Осиа.
Иара, «зегьы ирыцку – уи ҳаззеибашьуаз ҳҳәынҭқарра аиқәырхара ауп» ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Леонид Осиа дара зыҿцәажәоз зегьы еиԥшны аҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи аимк-аиҿак зцу азҵаарақәа рыӡбареи азы агәазыҳәара шрымаз убаратәы иҟан ҳәа гәахәарыла иазгәеиҭеит. «Ҳара Апарамент аҿы уи Аиҳабы ҳиҿцәпажәеит иҟоу аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы иҟаҵатәу ҳәа. ҲАРА Аҳәынҭқарра Ахада убасҵәҟьа ҳиҿцәажәеит. Урҭ зегьы аҭыгылазаашьа аҭышәынтәаларазы аҿагылара ӷәӷәа ҟарымҵаӡеит. Убри аан аӡәгьы азакәан аилагара алыршахар ауеит ҳәа имҳәаӡеит… Ҳара зегьы «акәацгьы ӡуа, аҵәгьы мбылуа» ҳәа шырҳәо еиԥш, азакәан еиламгакәа акомпромисстә ӡбамҭа адкылара ҳалшеит, , иара убри ала аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алҳаршеит», – ҳәа иҳәеит Леонид Осиа.
«Аибарххара – ари иуадаҩу аҭагылазаашьа алҵразы акала иухо акакәны иҟаӡам. Адиалог амҩаԥгара аҭахуп, иҵару азҵаарақәа рылацәажәара ахәҭоуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Леонид Осиа. Уи аринахысгьы атәыла анапхгареи аоппозициеи атәылаҩныҵҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьа аибарххара аҟынӡа анамгара рылдыршап ҳәа агәыӷра шимоу ааирԥшит.
Ауаажәларратә Палата алахәыла Низам Хапат игәаанагарала, атәыла анапхгареи аоппозициеи ирызхом адиалог. «Ауаажәларратә Палата азхиоуп аиҿцәажәарақәа рыплошьадкас аҟалара», ҳәа иҳәеит иара. Убри аан уи иахьатәи иуадаҩыз аҭагылазаашьа аҭыԥ ақәҵараҿы акыр иацхрааит жәлар рдипломатиа ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.