Аҟәа. Абҵарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә машьына мҩаду аркра иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инамаданы, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәыла ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
«Иахантәарак ареспублика аиҳабыра ицәырҵыз апроблема аҭыԥ ақәҵаразы аусура иаҿын. Иаха, иаарласны ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥган. Сара сыдҵала Аӡҩыбжьа ақыҭан инхо ауааԥсыра ирацәажәеит, анаҩс урҭ Кәыдрытәи ацҳа аадыртит.
Атәыла анапхгарала амашьына мҩаду егьырҭ аҭыԥқәагьы раартразы аусурақәа мҩаԥысуеит. Уаанӡа иаанкылаз атәылауаа рганахьала азинхьчаратә усбарҭақәа агәаҭарақәа ирҿуп», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ҭынчрала рхы мҩаԥыргаларц, аичырчарақәа рҽырцәырыхьчаларц. ***
Абҵарамза 11 рзы иҟалаз ахҭысқәа рзы ихадоу:
Ашәахьа, абҵарамза 11 рзы, убри аамҭазы изаамҭанытәиим асессиа аилатәара ахьымҩаԥысуаз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахыбра аҿаԥхьа, аоппозициа ахаҭарнакцәеи адепутатцәа руаӡәи рыбжьара аинцидент ҟалеит.
Ахәылбыҽха, Аҟәа уахьналало, амчратә структурақәа рхаҭарнакцәа иааныркылеит Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи адепутат Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи, иара убас азиндырҩы Омар Смыри ауаажәларратә усзуҩ Рамаз Џьопуеи. Аҵхабжьон азы арепсублика апрокурор Адгәыр Агрба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, дара Апарламент ахыбра аҿаԥхьа иҟалаз аинцидент иалахәын ҳәа агәҩара ыҟоуп. Иара уи «адепутат иганахьала азинеилагаратә уснагӡатә» аҳасабала дахәаԥшуеит.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахыбра аҿаԥхьа еизо иалагеит хыԥхьаӡара рацәала аоппозициа ахаҭарнакцәеи иааныркылаз рыуацәеи рҭынхацәеи. Урҭ иааныркылаз ауаа аурышьҭырц адҵа ықәдыргыло иалагеит.
Асааҭ 22:30 рзы аоппозициатә мчқәа Гәымсҭатәи ацҳа адыркит, убри аан ашьаҟауааи ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәеи аурышьҭуан. Аоппозициа ахадацәа рыдгылаҩцәа рахь акциа адгылара арҭарц азы ааԥхьарақәа ҟарҵеит.
Ԥыҭрак ашьҭахь иара убасҵәҟьа иаркын аладатәи Гәымсҭатәи ацҳеи Кәыдрытәи ацҳеи. Иаркын мраҭашәаратәи аганахьала еиԥш мрагылара аганахьалагьы Аҟәаҟа узлацо амҩеи Аҟәантәи узлалҵо амҩеи.
Аҵх агәазы дықәгылеит ареспублика апрокурор Хада Адгәыр Агрба. Иара уажәазы апроцессуалтә гәаҭара шымҩаԥысуа, уи алҵшәақәа рыла азинтә лкаа ҟаҵахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Иаха Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иаарласны Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә Хьчара Амаҵзура, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Апрокуратура Хада анапхгаҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада азинеилагаратәа уснагӡстәқәа рыԥхьырҟәҟәаара азы имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа рзы адырра ирҭеит.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Ареспубликатә амашьына мҩаду ахәҭакахьала аркра иахҟьаны Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә усбарҭақәа рҿы зыԥшра ҟамҵакәа ацхыраара зҭатәу апациентцәа ӷәӷәала ауадаҩрақәа рызцәырҵуеит», – ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Едуард Быҭәба.
Ашьыжь, абҵарамза 12 рзы Кәыдрытәи ацҳа аадыртит. Атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа хара имгакәа иаанкылаз ауаа шоужьҭхо азы ажәа рырҭеит.
Аҩадатәии Аладатәии Гәымсҭатәи ацҳақәа уажәазы иаркуп. Ауаажәларратә транспорт мацара аурыжьҭуеит.