Аҟәа. Абҵарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәараҿы ахыркәшаратә ԥхьарала ирыдыркылеит – «Ахырхарҭарацәатә комплексқәа рзинтә статус аиҿкааразы» аконституциатә закәан.
Азакәан инақәыршәаны, ахырхарҭарацәа змоу акомплексқәа ҳәа иԥхьаӡоуп еиуеиԥшым аҵакы змоу, уаҩ дзыҩнам ахыбрақәа налаҵаны, акы ма инеиҳаны инхарҭатәым ахыбрақәа. Урҭ рахь иаҵанакыр ауеит аофисқәа, ахәаахәҭратә, аспорттә, ацәыргақәҵатә, аҵаратә уҳәа егьырҭ ахыбрақәа, апартаментқәеи асасааирҭақәеи аламҵакәа.
Убри аан ахырхарҭарацәа змоу акомплекс иаҵанакыр ауӡом ишеибгоу ма хәҭа-хәҭалагьы) апартамент, мамзаргьы апартатель.
Азакәан апроект инақәаршәаны, арҭ ахыбрақәеи акомплексқәеи анхарҭатә хыбрақәа рыстатус ахь ишеибгоу ма хәҭа-хәҭала риагара азакәан ала азин ыҟам. Уи адагьы, анхарҭатә хыбрақәа ахырхарҭарацәа змоу акомплексқәа рахь риагара залшом.
Иарбоу азакәан апроект азы рыбжьы рҭиит 29-ҩык адепутатцәа, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.