АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2022

ААҨЫК АԤСНЫТӘИ АКУРСАНТЦӘА АҬОУБА ШЬАҬАРҴЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә былрацәыхьчаратә маҵзура Академиа аҿы аҵара иахысуа ааҩык аԥснытәи акурсантцәа аҭоуба шьҭарҵеит. Ацеремониа мҩаԥысуан Москва ақалақь, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

Акурсантцәа рахь иҟаиҵаз адныҳәаларатә шәҟәы аҿы Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа ас еиԥш акыр зҵазкуа ахҭыс рыдныҳәало имариам раԥхьаӡатәи рзанааҭтә мҩа аҿы аихьӡарақәеи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит.

Анапхгарабжьаратәи Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтәи акурсантцәа 2011 шықәса раахыс Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу апрофилтә ҵараиурҭақәа рҿы аҵара иахысуеит.


Read 484 times - Аҩаша, 20 Цәыббра 2022 15:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.