АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2022

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИБЛИТ АЦХЫРААГӠАТӘ ХЫБРА.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахәылбыҽха, цәыббрамза 19 рзы Аҟәа ақалақь, Кольцеваиа амҩала игылаз ацхыраагӡатә хыбра амца акит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Амцакразы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥыԥшырҭатә пункт ахь иҟалеит асааҭ 20 рзы. Амцарцәаҩцәа иаразнак ала амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеины амца арцәара рылдыршеит.

Ахыбра маҷк ада иблит. Абылраҿы аӡәгьы ааха имоуӡеит.


Read 424 times - Аҩаша, 20 Цәыббра 2022 15:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.