АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2024

Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит ихадоу аныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы ԥсны иазгәарҭоит ихадоу аныҳәа – Аиааираеи Ахьыԥшымреи Рымш. Ари амш аҽны аветеранцәа еизоит,  31-шықәса раԥхьа иҟалаз ахҭысқәа ргәаладыршәоит, иҭахаз рҩызцәа рҳаҭгәынқәа ирҭаауеит, ҳаҭырла иргәаладыршәоит.  

Цәыббрамза 30, 2024 шықәса рзы:

Аҟәа ақалақь аҿы:

Цәыббрамза 30 рзы:

Асааҭ 10:00 рзы - Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Аԥсны жәлар Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит;

Асааҭ 11:00 рзы – Ахьӡ-Аԥша апарк аҿаԥхьа арратә парад агәыԥқәа ацәаҳәа рықәыргылара;

Асааҭ 11:05 рзы – Арратә паради «Ԥсра зқәым архәҭеи» мҩаԥысуеит;

Асааҭ 11:30 рзы - Аҳҭнықалақь амҩадуқәа рҿы маланыҟәала амҩасра еиҿкаахоит; Алахәылацәа еизоит аколоннада аҿаԥхьа (Леон ипропект ,1 аҟны).

Амаршрут:  Леона ипроспект аҟынтәи  – Арӡынба имҩа – Чачба имҩа – Аиааира апроспект –Адлеиба имҩа – Алада Ешыра ақыҭа, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал, шьҭахьҟа –Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа ахь.

Асааҭ 12:00 рзы –  Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит; 

Асааҭ 13:00 рзы  – Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭан Аԥсны Аҩбатәи Ахада С.У.Багаԥшь Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.

Асааҭ 17:00 рзы – Р.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҿы Аԥсны аҟазацәа злахәу аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит;

Асааҭ 19:00 рзы - Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәаҿы, аколоннада аҿаԥхьа Аԥсуа естрада артистцәа злахәу аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит;

Асааҭ 20:30 рзы - Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәаҿы аныҳәатә салиут ҟалоит.

31шықәса раԥхьа, цәыббрамза  30, 1993 шықәса рзы Аԥсуа ар аибашьцәа аҳәаа иаԥну Егры ыӡиас аҟынӡа инаӡаны, уаҟа аԥсуа бираҟ ахадыргылеит. 413 мши-ҵхи ицоз ари ашьаарҵәыратә еибашьра Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа раиааирала ихыркәшахеит. Ареспублика аҿы иҟамзар ҟалап ҭаацәаракгьы ари аныҳәа гәырӷьара дула иахьазгәарымҭо. Ари амш аамҭак ала агәырӷьареи алаӷырӡи зцу ныҳәа дууп. Уи 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра ахыркәшара амш ҳәа Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит.

Цәыббрамза, 1993 шықәсазы Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараан аиҿагылара ӷәӷәақәа мҩаԥысуан инеиԥынкыланы 12 мшы. Мҩадуцыԥхьаӡа, ҩныцыԥхьаӡа, абжьаларҭақәа, ахыбрақәа, уҳәа, шьаҿа-шьаҿала аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭхон.  Ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирылшеит 12-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоз аӷа хәымга ирхәҭақәа шьҭахьҟа рынаскьагара. Аҵыхәтәаны, цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы ҳаҳҭнықалақь агәаҿы игылаз Аминистрцәа Реилазаара ахыбра иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ. Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын. Аҟәа аӷа даламкәа аҭарцәра иаанагоз Аԥсны аӷа далцоуп акәын! Араҟоуп иахьыҵхыз Аиааира ашьаҭа! Иаанхаз хымш рыла аӷа дыԥхаҵан шьҭахьҟа. Арҭ ажәыларақәа раан уааԥсылеи техникалеи акыр ацәыӡ зауз аӷа ирхәҭақәа макьаназы аоккупациа зызуз Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа араионқәа рҿы  еффективла аҽагылара амҩаԥгара алымшо иалагеит. 

Цәыббрамза 28 рзы Гәылрыԥшьи Очамчыреи рҳәаа иаԥну Кәыдры  аӡиас ацҳаҿы еиԥылеит Аԥсны Мрагыларатәии Мраҭашәаратәии афронтқәа рырхәҭақәа.

Цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалыҩ иҟынтәи зынӡа ахы иақәиҭхеит.   

Ари амш аҽны агәалашәаратә, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәаАԥсны ақалақьқәеи араионқәеи резьы рҿы иҩаԥыслоит.   

Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, аполковник ​ Уаликәа Ԥачлиа ишәҟәы «Аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аҿы имҩаԥысуаз арратә хҭысқәа (1992 – 1993 шш.)​. Адокументқәеи аматериалқәеи» аԥхьажәа аҟны иааигаз адыррақәа рыла,​ ​ «Иааизакны, аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аҿы аԥсуаа рганахьала аибашьра иалахәын 18 150-ҩык. Урҭ рахьынтә:​ аибашьара адәаҿы еибашьуан - 13 970-ҩык,​ атыл аҿы аус руан - 4 180-ҩык. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рхыԥхьаӡара - 2 310-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Еиуеиԥшым афронтқәа рҿы еибашьуаз рхыԥхьаӡара:​ ​​Гәымсҭатәи афронт аҿы - 12 520 - ҩык.​ ​ ​Мрагыларатәи афрон аҟны - 5 630 - ҩык.​ ​ ​Гагратәи афронт аҟны – 1 600 – ҩык. (афронт 1,5 мзы роуп ианыҟаз.).  Аибашьра аҿы ахәрақәа зауз рхыԥхьаӡара – 7 нызықь ҩык рҟынӡа инаӡоит. Иҭахаз рхыԥхьаӡара - 2-нызықь ҩык рҟынӡа инаӡоит».

 

 

 


Read 202 times - Ашәахьа, 30 Цәыббра 2024 14:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.