АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 5:19

1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 31-шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рыплан.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭараны иҟоуп Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа.  31 шықәса раԥхьа, цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара алыршахеит. Абри арыцхә иазкуп Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥгахо агәалашәаратәи аныҳәатәи аусмҩаԥгатәқәа.

Цәыббрамза 30, 2024 шықәса рзы:

Аҟәа ақалақь аҿы:

Цәыббрамза 30 рзы:

Асааҭ 10:00 рзы - Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Аԥсны жәлар Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит;

Асааҭ 11:00 рзы – Ахьӡ-Аԥша апарк аҿаԥхьа арратә парад агәыԥқәа ацәаҳәа рықәыргылара;

Асааҭ 11:05 рзы – Арратә паради «Ԥсра зқәым архәҭеи» мҩаԥысуеит;

Асааҭ 11:30 рзы - Аҳҭнықалақь амҩадуқәа рҿы маланыҟәала амҩасра еиҿкаахоит;

Асааҭ 12:00 рзы –  Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит;  

Асааҭ 13:00 рзы  – Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭан Аԥсны Аҩбатәи Ахада С.У.Багаԥшь Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.

Асааҭ 17:00 рзы – Р.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҿы Аԥсны аҟазацәа злахәу аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит;

Асааҭ 19:00 рзы - Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәаҿы, аколоннада аҿаԥхьа Аԥсуа естрада артистцәа злахәу аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит;

Асааҭ 20:30 рзы - Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәаҿы аныҳәатә салиут ҟалоит.

Гәдоуҭа ақалақь аҿы:

Цәыббрамза 30 рзы:

Асааҭ 10:00 рзы - Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа амитинг мҩаԥысуеит;

Асааҭ 11:00 рзы - Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи амузеи аҿы афотосахьақәа рцәыргақәҵа еиҿкаахоит;

Асааҭ 12:00 рзы - Гәдоуҭатәи аспорттә школ аҿы ашахматтә турнир мҩаԥгахоит;

Асааҭ 18:30 рзы - Акциа  «Агәалашәара ацәашьы» мҩаԥгахоит;

Асааҭ 19:00 рзы - Аныҳәатә концерт мҩаԥгахот.

Асааҭ 20:30 рзы – Аныҳәатә салиут мҩаԥгахоит.

Афон Ҿыц ақалақь аҿы:

Цәыббрамза 30 рзы:

Асааҭ 10:00 рзы - Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥгахоит;

Асааҭ 11:00 – 11:30  рзы - Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы амитинг мҩаԥысуеит, Урыстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Александр Бардодым инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭарҵоит;

Асааҭ 19:00 рзы - Ақалақь астадион аҿы аныҳәатә концерт мҩаԥысуеит;

Амш ахыркәшамҭаз  - Аныҳәатә салиут.

Гагра ақалақь аҿы:

Цәыббрамза 30 рзы:

Асааҭ 11:00 рзы - Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара;

Асааҭ 17:00 рзы - Аиааира ашҭаҿы афотоцәыргақәҵа «Gagra-FOLK» аатуеит;

Асааҭ 18:00 рзы - Аиааира ашҭаҿы араионтә коллективқәеи аестрадатә артистцәеи злахәу аконцерттә программа еиҿкаахоит;

Очамчыра ақалақьи араиони рҿы:

Цәыббрамза 29 рзы:

Асааҭ 12:00 рзы - Мықә ақыҭан аҽыбӷаҟазаратә хәмаррақәа раартра. Еиуеиԥшым абжьаӡарақәа рыла еиԥхныҩлоит, аҽылампыл, аҵәеигәыдҵа, аҳәаҟьаразы еицлабуеит.

Цәыббрамза 30 рзы:

Асааҭ 10:00 рзы - Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара;

Амш ахыркәшамҭаз  иҟалоит аныҳәатә салиут.

Тҟәарчал ақалақь аҿы:

Цәыббрамза 29 рзы:

Асааҭ 17:00 рзы - Акультура Аҩны аҿы аныҳәатә концерт мҩаԥысуеит;

Гал ақалақь аҿы:

Цәыббрамза 30 рзы:

Асааҭ 11:00 рзы - Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз рзы аобелиск аҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара;

Асааҭ 11:30 рзы  - Аныҳәатә митинг мҩаԥгахоит.

Асааҭ 12:00 рзы - Араион Ахадараҿы асахьақәа рцәыргақәҵа аатуеит;

Асааҭ 13:00 рзы - Акультура Аҩны аҿы агәырӷьаратә ныҳәеи ансамбль «Мырзаҟан» аконцерттә программеи еиҿкаахоит;

Асааҭ 22:00 рзы - Гал ақалақь аҿи Егры аҳәааҿы аныҳәатә салиут ҟалоит.

 

 

 

 


Read 24 times - Амҽыша, 29 Цәыббра 2024 01:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.