АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2024

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы афырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы ацәашьқәа адыркит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы ацәашьқәа адыркит.

Абар шьҭа 25 шықәса рыбжьара, есышықәса, цәыббрамза  27,  асааҭ 19:00 рзы ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа 1992 – 1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз, аԥсуа ҳәынҭқарра аҳҭнықалақь агәаҿы анышә иамадоу  аибашьцъа-фырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы ацәашьқәа адыркырц азы Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы инеиуеит.

Иахьа ахәылбыҽха, дара рхәыҷқәеи рмоҭацәеи рыцны Аԥсны Ахақәиҭреи Ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы инеит. Ари акциа амҩаԥгара аԥшьгаҩыс иҟоуп Агуманитартә Программақәа Рцентр. «Аибашьра анеилга ашьҭахь хара имгакәа ҳара, Агуманитартә Программақәа Рцентр аусзуҩцәа, егьырҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәа рҟынтәи ҳколлегацәа ҳацны, ахәылбыҽха, цәыббрамза 27 рзы Ахьӡ-Аԥша Апарк аҿы иҭахаз аибашьцәа Рмемориал ҳаҭаауан.  Убас ала уи традицианы ишьақәгылеит. Абар шьҭа ҩыжәи жәеиза шықәса раахыс, абри аныҳәатә мшы, Аҟәа ақалақь аӷа иҟынтәи ахақәиҭтәра амш азы ҳара идырым анышәынҭрақәеи иҭахаз аибашьцәа рыхьӡи рыжәлеи згәылԥҟаау амармалташь хаҳәҟьаԥсқәеи рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵареи шәкыла агәалашәаратә цәашьқәа раркреи рзы абрахь ҳаауеит.  Ари акциа ҭынч имҩаԥысуеит, ажәахәқәа рҳәарада, амузыка абжьы агарада.  Ара ҳҩызцәеи ҳареи ҳаиԥылоит, урҭ рыбжьара имаҷым аветеранцәа, ҭынч ҳаицәажәоит, ҳагәҭыхақәа еибаҳҳәоит, 1993 шықәсазы иҟаз ари амш ҳгәалаҳаршәоит, аибашьраҟынтә изыхнымҳәыз ҳҩызцәеи ҳауацәеи иаҳзааигәоу ауааи ҳгәалаҳаршәоит, аха аиҳарак ҿаҳҭӡом, доусы ҳхәыцрақәа ҳрылоуп», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо илҳәеит Агуманитартә Программақәа Рцентр ԥыхьатъи адиректор, уаажәларратә усзуҩ Арда Инал-Иԥа.

 

 

 


Read 13 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.