АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2024

Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Аҟәа ахақәиҭтәра 31 шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт мҩаԥысит.

Аконцерт алагаанӡа асценахь днеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба. Уи аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи дрыдныҳәалеит. Беслан Ешба иазгәеиҭеит, Аҟәа ахақәиҭтәра анаҩс атәыла зегьы аӷа иалцара Аԥсны аҭоурых ҿыц шаанартыз.

«Ҳаҭыр зқәу ҳтәыла ауааԥсыреи асасцәеи. Хаҭала сареи ақалақь Ахадареи ҳахьӡала ари акыр зҵазкуа аныҳәамш азы адныҳәалара шәыдышәкыл. Сара сгәаанагарала ас еиԥш иҟоу арыцхәқәа ҳҭоурых аҿы акыр иаԥсоу аҭыԥ ааныркылоит. Иаҳхамышҭыроуп ари аиааира шаҟаҩы рыԥсҭазаара ахҭынҵоу. Убри аҟнытә иарбанызаалак аӡбамҭақәа анҳадаҳкыло ҳашьҭахьҟа, аҟазаареи аҟамзаареи ҳанрыбжьагылаз  аибашьра ашықәсқәа ҳрызхьаԥшуазар ахәҭоуп. Ҳтәыла азы аҭоурых ҿыц аатит – азхаҵареи аҿиареи амҩала. Аиҳабыра ҭыԥаҿ уаныҟоу, аибашьра алҵшәақәа азгәаҭаны аӡбарақәа рыдкылара еснагь иаҭахуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. Беслан Ешба иҳәеит, агәырӷьаратә мшы рыцеиҩыршаразы Аԥсныҟа ишааз Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев зхадараҿы дыҟоу аделегациа.

«Нижни Новгороди ҳареи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра ҳабжьоуижьҭеи 13 шықәса раҟара ҵуеит. Ҳара ҳаусеицура амҽхак азгәаҭаны аиашьаратә қалақьқәаны ҳҟалар шҳалшо азы аӡбара ҳадаҳкылеит, иахьа аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳиҩит», - ҳәа иҳәеит иара.

Анаҩс, ажәа ирҭеит Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев. Уи еизаз зегьы Аҟәа ахақәҭтәра Амш рыдиныҳәалеит.  Иури Шалабаев  иазгәеиҭеит, аиҩызара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ақалақьқәа рыбжьара иҟоу аиҩызара ишалҵшәоу.

Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев убасҵәҟьа Нижни Новгороди Аҟәеи абар шьҭа 13 шықәса раахыс аусеицура шрыбжьоу азгәеиҭеит.

«Арҭ 13 шықәса рыҩныҵҟа ҳара еиуеиԥшым апроектқәа наҳагӡон, Нижни Новгород еицымҩаԥаагеит  аусмҩаԥгатә – «Сара сдисантникхарц сҭахуп» ҳәа хыс измоу алагерь.  Ари аҿар апатриоттә ҟазшьа рылааӡара  иазку, ахәыҷқәа хра злоу адыррақәа ахьроуа, уи анаҩсгьы рыԥсшьара ахьеиҿкаахо алагерь ауп. Иара убас аҵарадырра аусхкы аҿы аусеицура ҳабжьоуп, аҟәатәи ашколхәыҷқәа аӡәырҩы ашкол ианалгалак ашьҭахь Нижни Новгород иҟоу аҵараиурҭақәа ирҭалоит», - ҳәа иҳәеит Иури Шалабаев. 

Нижни Новгород ахада иажәақәа рыла, аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рзы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра, анаҩс аҩганк еицырзыфеидоу аусеицура аҿиара иацхраауеит.  «Ари ииашаҵәҟьаны аҭакԥхықәра дууп, избан акәзар 2025 шықәсазы еицаҳзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәеи апроектқәеи рацәаны ҳалацәажәеит, урҭ рынагӡаразы аџьабаа батәхоит. Аха Беслан Фиодор-иԥа игәыԥи сара сгәыԥи здыруеит, убри аҟнытә уи шҳалшо, иарбоу аусмҩаԥгатәқәа Аҟәеи Нижни Новгороди руааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәра ишацхраауа агәра ганы сыҟоуп», - ҳәа иҳәеит иара. Иури Шалабаев Аҟәа ауааԥсыра дрыдныҳәало агәабзиара, аҿиара, анасыԥ, аизҳазыӷьара рзеиӷьаишьеит. «Ари амш аҽны сара Аҟәа ауааԥсыра зегьы ирзеиӷьашьарц сҭахуп раԥхьа иргыланы аҭынчра, агәабзиара, анасыԥ, аизҳазыӷьара. Иҳауз зеиӷьаҟам адкылара азы гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа шәасшәоит», – ҳәа иҳәеит иара .

Анаҩс, аҳҭнықалақь Ахадара аусзуҩцәа шықәсырацәалеи ламысцқьалеи русуразы аҳаҭыртә шәҟәқәеи агәаларшәагатә Аԥсарқәеи ранашьан.

Аԥсны Афырхаҵа, Аҟәеи Аҟәа араиони рҿы инхо аибашьра аинвалидцәа Рассоциациа ахантәаҩы Ҭемыр Занҭариа еизаз зегьы дрыдныҳәалеит.  

«Згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа зегьы рыхьӡала ҳакалақь ауааԥсыреи асасцәеи зегьы ирыдыснышәаларц сҭахуп Аҟәа ахақәиҭтәра Амшныҳәа. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра алыршахеит ҳаруаа рфырхаҵареи ргәымшәареи рхацәнымырхареи, иара убас ҳкомандаҟаҵаҩцәа рнапхгаратә ҟазареи ирыбзоураны. Ҷыдала иҭабуп ҳәа раҳәарц сҭахуп Аҟәа ақалақь Ахадара ирбо аџьабааи иаадырԥшуа агәцаракреи рзы. Ҳара ҳакалакь уи анапхгараҭара аусура иабзоураны ессааира ишәҭыкакаҷует. Идуӡӡаны иҭабуп уи азы. Зегьы аҭынчреи аизҳазыӷьареи шәҳеиӷьасшьоит!, - ҳәа иҳәеит иара.

Аофициалтә хәҭа ашьҭахь аконцерттә программа хацыркхеит – асценахь ицәырҵит ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбльқәеи авокалтә коллективқәа рхаҭарнакцәеи. Ахәҭакахьала, аныҳәатә концерт аҿы иқәгылеит Ильда Кучубериа, Нарсоу Абыхәба, Анатоли Алҭеиба, Хаҭуна Ҭарба, Дмитри Ԥиԥиа, уҳәа егьырҭ аԥсуа естрада артистцәа. Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Аҟәа Ахадара акультура аҟәша.

 

 

 

 

 

 

 


Read 17 times - Амҽыша, 29 Цәыббра 2024 00:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.