АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2024

Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Урыстәыла астатистика Амаҵзуреи Аԥсны Аҳәынҭстандартә Еилаки 2025 – 2027шш. еицымҩаԥыргараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рыплан иақәшаҳаҭхеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә  статистика Афедералтә Маҵзуреи Аԥсны астатистика азы Аҳәынҭқарратә Еилаки 2025 – 2027шш. еицымҩаԥыргараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рыплан иақәшаҳаҭхеит. 

Аплан зынӡа иарбоуп 14 усмҩаԥгатә:

  1. Аофициалтә статистикатә шәҟәҭагалара амҩаԥгараан ицәырҵуа ауаажәларратә еизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара иазырхоу Урыстәылатәи Афедерациа анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рыла, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә статистика Афедералтә Маҵзура аҿы еиқәыршәахо анорма-зинтә усшәҟәқәа   рыла Аԥсны астатистика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аинформациатә еиқәыршәара амҩаԥгара.
  2. Аԥсны астатистика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аспециалистцәа ауааԥсыра ашәҟәы ранҵара аҽазыҟаҵареи амҩаԥгареи, иара убас еиԥынкылоуи иналак-аалакны имҩаԥгоуи астатистикатә згәаҭарақәа ирыдҳәалоу аиҿкааратә зҵаарақәа рҿы ацхыраара рыҭара.   
  3. Аусхкытә статистика азҵаарақәа рыла аконсультациақәа рымҩаԥгара (аҵарадырра астатистика, агәабзиарахьчара астатистика).
  4. Ахныҟәгаратә минимуми ахәԥсақәа риндекси (аихыԥхьаӡаратә методологиа) рыҩаӡара ашьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа рыла аметодикатә (аусшәҟәқәа рыла) аиқәыршәара.
  5. Аусура амазаареи аусурҭадареи астатистикатә хылаԥшра азҵаарақәа рыла аконсультациақәа рымҩаԥгара.
  6. Астатистикатә классификаторқәа (ОКВЭД,ОКПО) рзы азҵаарақәа рыла аконсультациакәа рымҩаԥгара.
 
  • Амилаҭтә хыԥхьаӡарақәа рсистема (СНС) ашьақәыргылара  аҳәаақәа ирҭагӡаны аекономика аусхкқәа рҿы имырзам, иара убас иформалым амҽхакқәа рышьықәыргылара азҵаарақәа рыла аконсультациақәа рымҩаԥгара.
  • Анхаратә фонд астатистикатә шәҟәҭагалара аиҿкаара азҵаарақәа рыла аконсультациақәа рымҩаԥгара.
  • Атранспорти аимадареи русура ахылаԥшра аҭара.
    • Аенергетикатә усхкы азҵаарақәа рыла аконсультациақәа рымҩаԥгара.
    • Ареспублика Аԥсны астатистика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аспециалистцәа аџьа астатистика (аџьатә ресурсқәа рыструктура) аиӷьтәра азҵаарақәа рҿы ацхыраара рыҭара.
    • Амилаҭтә хыԥхьаӡарақәа рсистема (СНС) ашьақәгылара азҵаарақәа рыла аконсультациақәа рымҩаԥгара:

    – Амилаҭтә хыԥхьаӡарақәа рсистема (СНС) азы азеиԥш зҵаарақәа; аҩныҵҟатәи азеиԥш хашәалахәи аҭыжьратә лҵшәақәеи рмикрорбагақәа рышьақәглара аметодқәа (ВВП) ;

    – Амилаҭтә хыԥхьаӡарақәа рсистема (СНС) арбагақәа реихшьаалараан ахархәара зауа ахыҵхырҭақәеи аинструментқәеи;

    • Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи азеиԥш хашәалахәи Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи азеԥш хашәалахәыи 2024 шықәсазтәи арбагақәа рыла аҩганктәи аиҿырԥшра аиҿкаара азы аконсультациақәа рымҩаԥгара.
    1. Ақыҭанхамҩатә ашәҟәы аҭаҩра (ақәыӷәӷәара аҳасабыркра, ахарџьынҵа афинанстә механизм) амҩаԥгара азҵаарақәа рзы аконсультациақәа рымҩаԥгара. 

     

     

     

     


    Read 22 times
    Image
    Image
    Image
    Image
    Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
    Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.