Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса, цәыббрамза 27 рзы Аԥсны иазгәарҭоит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра Амш. Сынтәа ари аҭоурыхтә хҭыс ду иахыҵит 31 шықәса, атәыла зегьы иахьаҵанакуа аныҳәатә гәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.
Ашьыжь, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥысит.
Аҟәа ахақәиҭтәра ахьӡала С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы ашколхәыҷқәа, арра-патриоттә лагерь - «Сара сдесантникхарц сҭахуп» алахәылацәа алархәны имҩаԥысит арра-патриоттә усмҩаԥгатә «Аиааира ашьҭрамдаҩцәа».
Аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.
«Азин сышәҭозар, Аҟәа ақалақь Ахадара ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аҟәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш шәыдысныҳәалоит. Ишәзеиӷьасшьоит аҭынч ԥсҭазаара, агәабзиара, агәамч, аԥсҭазаараҿы, аҵараҿы ақәҿиарақәеи аихьӡара дуқәеи. Шәара арратә ус аҿы ишәоуа адыррақәа зегьы агәабзиара ацклаԥшразы ишәыхәааит, аибашьраҿы ахархәаразы иаҭахханы иҟамлааит. Арратә ҽазыҟаҵара аҭакԥхықәрала шәазнеила. Уи еиҳа маха-шьахала ҳаӷәӷәаны, ҳаԥсадгьыл азы аҭакԥхықәра анагӡара ҳалшо ҳҟанаҵоит», - ҳәа иҳәеит иара.
Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев убасҵәҟьа адныҳәалара ҟаиҵеит.
«Иахьа Беслан Фиодор-иԥеи сареи ҳусеицура, аиҳарак ашколтә еимадареи апатриоттә хырхарҭа змоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи аганахьала ҳусеицура ацҵара азҵаара халацәажәеит. Ҳара «Сара сдесантникхарц сҭахуп» ҳәа ахьӡ змоу алагерь анаҩстәи аҿиара иазкны апроект ду Аҟәа ақалақь аҿы амҩаԥгара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп, агәыӷрагьы сымоуп уи Аҟәаеи Нижни Новгороди рҟынтәи еиҳа ирацәаны аҿар рхы аладырхәып ҳәа. Ҳаҭыр зқәу ахьыбҿар, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҵараҿы ақәҿиарақәеи аихьӡара дуқәеи, урҭ ииашоу амҩа алхраҿы хымԥада ишәыцхраауеит», – ҳәа иҳәеит иара.
Ашколхәыҷқәа авокалтәии акәашаратәи аномерқәа рыла еиҿкаау иҷыдоу аныҳәатә программа еиқәдыршәеит.
Иара убас аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны абџьар ала ахысразы арбаратә қәгыларақәа мҩаԥысит.
Иара убас, С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы еиҿкаахеит Аҟәа ақалақь аҵарадырра Аусбарҭа иатәу ахәыҷтәы ҟазара Ацентр ааӡамҭацәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.
Еиуеиԥшым атехникақәеи астильқәеи рыла инагӡаз асахьақәа аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи акыр иазҿлымҳаны иахәаԥшуан.
Аҳҭнықалақь Ахадара ахаҭарнакцәеи Нижни Новгород аделегациеи иара убас иаҭааит Аҟәа ақалақь аӷа иҟынтәи ахақҵәиҭтәра иазкны еиҿкааз афатоцәыргақәҵа.
Аекспозициа аартын Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы. Араҟа ицәыргақәҵахеит цәыббрамза 27, 1993 шықәсазы имҩаԥысуз ахҭысқәа знылаз 37 фатосахьа.
Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш аламҭалазы Аҟәа ақалақь Ахадара аҵарадырра Аусбарҭеи Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школи амилаҭтә спорттә хкқәа рыла аицлабрақәа мҩаԥыргеит.
Аҟәатәи азеиԥшҵараиурҭақәа 15, иара убас аҟәатәи алицеи-интернат амилаҭтә спорттә хкқәа ԥшьба: ахаҳә аршәра, аҭыԥ аҟынтәи ҵәҩанҵәы аԥара, алабашьа аршәреи ашьапқәа рыцырхыраарада ашаха ала ахалара рыла еицлабуан.
«Аицлабрақәа Аҟәа ақалақь ашколхәыҷқәа XXIII Рыспартакиада аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. Урҭ рхы аладырхәуеит аҟәатәи абжьаратәи ашколқәа зегьи аҟәатәи алицеи-интернати рҵаҩцәа. Арҭ аицлабрақәа рымҩаԥгара шьҭа традициала ишьақәгылеит, урҭ есышықәса Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш азы имҩаԥысуеит», - ҳәа еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аспециалист хада Татиана Емухвари.
«Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла аиааира згаз акоманда алкаара адагьы, зыдгалара мҩаԥгаз адисциплинақәа зегьы рҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа згаз аҿар, иара убас арацәеицлабра аҿы аиааира згаз аиндаҭлаҩи аҳамҭақәа ранашьахоит», - ҳәа иазгәалҭеит лара.
А. Карпов ихьӡ зху Аҟәатәи ахәыҷтәы шахматтә школ аҿы Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амшныҳәа иазкны аицлабрақәа хацыркын.
Ашахматтә турнир аҿы еицлабуеит 13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа. Зынӡа аицлабрақәа рхы аладырхәуеит 45-ҩык аспортсменцәа.
Ахәмаррақәа «ФИДЕ» аԥҟарақәа рыла, швеицартәи асистема иақәныҟәаны, 5 турк ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.
Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла атурнир алахәылацәа ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Ахәылбыҽха Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуеит аныҳәатә концерт.