АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2024

Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба аџьаз иалху ибаҟа аадыртит Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Гиви Агрба (04.04.1937 – 27.08.2014шш.)  аџьаз иалху ибаҟа аадыртит Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы.

Абаҟа аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра.

Абаҟа авторцәа     – аскульпторцәа Амиран Адлеибеи Адгәыр Ҷкадуаеи.

Гиви Камыгә-иԥа диит мшаԥымза 4, 1937 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Кәланырхәа ақыҭан.  

1954 шықәсазы далгеит Лыхнытәи абжьаратәи ашкол. Аҵара иҵон М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә Институт аҿы, 1958 – 1960 шш. аԥсуа бызшәа акафедра алаборант еиҳабыс аус иуан.  

1963- 1972шш. Аҟәа ақалақь ашкол-интернат аҿы ааӡаҩ еиҳабыс аус иуан.  

1972 -1974шш. Аԥснытәи АССР Аҩныҵҟатәи аусқәа       Рминистрра аҿы аус иуан.  

1974 – 1979 шш. рзы Қырҭтәыла Акомпартиа Аԥснытәи аобком административтә усбарҭақәа рыҟәша аузуҩыс дыҟан.  

1979 – 1992 шш. рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асистема аҿы еиуеиԥшым амаҵзурақәа ааникылон. Ԥхынҷкәынмза, 1991 шықәса инаркны лаҵарамза, 1992 шықәса аҟынӡа – Аԥсны аҩныҵҟатәи архәҭақәа (Аԥсуа гвардиа) рполк акомандаҟаҵаҩ, анаҩс иара убри аполк акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра раԥхьатәи амш аҽны  Гиви Камыгә-иԥа Аҟәа, абжьаратәи ашкол № 14, иара убас Ацҳа ҟаԥшьаҿы ақырҭқәа рҿагылара аиҿкааҩцәа дыруаӡәкуп. Анаҩс иара Гәымсҭатәи афронт акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан (нанҳәамза- цәыббрамза,1992ш.), Афонҿыцтәи абригада акомандаҟаҵаҩыс (цәыббрамза – жьҭаарамза, 1992 шықәса), Гәдоуҭатәи агарнизон аиҳабыс (жьҭаарамза 1992ш. – цәыббрамза, 1993 ш.).  дыҟан.

Дрылахәын  Аԥсуа ар Шроматәи (абҵарамза, 1992 ш.), Ииультәи (1993 ш.), Сентиабртәи (1993 ш.) ажәыларақәа, Аҟәа ақалақь Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа акоординаторс дыҟан.

Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра ашьҭахь Гиви Камыгә-иԥа аус иуан Аҟәатәи агарнизон аиҳабыс, нас – Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс (1993 – 1996), 1996–2002 шықәсқәа рзы Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс, Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб Хада аиҳабыс дыҟан. 2002–2004 шықәсқәа рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс, Гәдоуҭатәи агарнизон аиҳабыс дыҟан.

1996 шықәсазы иара ианашьан аинрал-маиор ҳәа арратә хьӡы, 1998 шықәсазы – аинрал-леитенант.

1998 шықәсазы напхгара аиҭон Гал араион аҿы ақырҭуа бџьарла еибыҭаз адиверсиатә еиҿкаарақәа рықәгара иазкны имҩаԥгаз маитәи аоперациа.

Жьҭаарамза, 2001 шықәса рзы Кәыдрытәи аҩхаа аладатәи ахәҭа аҿы имҩаԥгаз атеррористҿагыларатә операциа анапхгаҩцәа дреиуан.  2003 шықәса, мшаԥымзазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩыс дҟалаанӡа арратә зҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩыс дыҟан.

Гиви Камыгә-иԥа аԥсуа-қырҭуатә еиҿцәажәарақәа активла ихы алаирхәан, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахылаԥшрала Акоординациатә Хеилак аҿы ашәарҭадара азҵаарақәа рзы актәи аусуратә гәыԥ анапхгаҩыс дыҟан. Женева, Афины, Сҭампыл имҩаԥгаз аофициалтә еиԥыларақәа дрылахәын.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы Гиви Камыгә-иԥа «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ихҵан. Иара убас уи ианашьахеит аорден «Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара, «Ԥырашәа змам аусуразы» амедалқәа I, II, III аҩаӡарақәа, «Кәыдрытәи аҩхаа ахақәиҭтәра азы», «Аибашьратә еиҩызара азы», «Аԥсны абжьаҟазаратә миссиа 10 шықәса ахыҵра», «Нхыҵ Кавказ арратә маҵзура ахысра азы», «Аԥсадгьыл гәакала азыҟазаара азы», «Қырҭтәыла аҭынчрахь адцалара», уҳәа убас иҵегьы.

Гиви Камыгә-иԥа Агрба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 27, 2014 шықәса рзы.

 

 

 

 

                                           


Read 170 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.