АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 5:15

Аслан Бжьаниа Нижни Новгород аделегациа идикылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аслан Бжьаниа Иури Шалабаев напхгара зиҭо ақалақь Нижни Новгород аделегациа идикылеит. Аиԥылара иалахәын Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Беслан Ешба,  Нижни Новгород ахада ихаҭыԥуаҩ Леонид Стрельцов.

Нижни Новгород аделегациа Аԥсныҟа иааит Аҟәа ахақәиҭтәра амш азгәаҭара иазкыз аныҳәа аҽалархәразы.

Асасцәа аԥсшәа раҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны еснагь асасцәа ишреигәырӷьо, иара убас далацәажәеито Нижни Новгороди Аԥсни апхьаҟагьы аимадара арҿиара аус.

Аслан Бжьаниа иҳәеит, Аԥсни Урыстәылеи иҷыдоу аиҩызаратә еизыҟазаашьа шрыбжьоу, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла арегионқәа рыҟны русуеицура аҿиарамҩа ишану.

«Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит ҳҳәынҭқарра аҳҭнықалақь аҿы. Иахьа ҳара ҳҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш 31 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иахьа ҳгәырӷьара ахьҳацеиҩышәшо. Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп. Ҳара ҳхьыԥшымра азхазҵахьо аҳәынҭқарақәа ыҟоуп, аха Урыстәыла заҵәык ауп ҳастратегиатә партниорны иҟоу», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Нижни Новгород Ахада Иури Шалабаев ахәҭакахьала Аслан Бжьаниа адкылара бзиа азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.  Иури Шалабаев иазгәеиҭеит Аԥсни дареи еицырзыфеидоу аусеицура дшазҿлымҳау.

«Ҳара ҳделегациа уажәаԥхьагьы Аҟәаҟа иаахьеит. Аҟәеи Нижни Новгороди реизыҟазаашьақәа абар шьҭа 13 шықәса ирхысуеит. Ҳара аусеицура ҳабжьоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла. Иахьа даҽа хықәкыкгьы анагӡара алыршахеит – ҳакалақьқәа аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵоит. Иахьа ҳара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азы Аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩуеит. Уи иарбоуп 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рыплан. Уи  60 инарзынаԥшуа апунктқәа арбоуп. Зынагӡара ҳгәы иҭоу апроект дуқәа ҳамоуп, урҭ иреиуоуп жәларбжьаратәи  апатриоттә ааӡара ацентри арра-патриоттә ааӡара алагери раԥҵара.  Нижни Новгород Аԥсны аус ацуреи аиамбзиаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи иазхиоуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Аԥсны аҳҭнықалақьи Нижни Новгороди аҩганк еицырзыфеидоу еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура арҿиара иазыхиоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара ԥхьаҟатәи хра злоу агәҭакқәа ҳамоуп. Убри аҟнытә гәахәара дула иҳадаҳкылоит шәара иахьа араҟа шәыҟазаара. Ҳара ҳазыразуп ҳақалақьқәа рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара», - ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

Анаҩс, Аслан Бжьаниа Аҟәеи Нижни Новгороди аиашьара рыбжьаҵаразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.

 

 

 

 

 


Read 39 times - Ахәаша, 27 Цәыббра 2024 19:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.