Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы анапхгаҩы аусзуҩцәа ҭакԥхықәрала рмаҵуратә уалԥшьа ахьынарыгӡо азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Шәара зегьы акыр ихәарҭоу, акыр зҵазкуа шәусура шәазгәдуны шәҟалааит. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, доусу шәҭаацәақәа рҿы аҳәоуеиқәшәара аизҳазыӷьара, анаҩстәи шәусура аҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи. Аныҳәа шәадныҳәалаз, аҩызцәа!» – ҳәа иҳәеит Оҭар Хьециа.
Аҳазалхыҩцәа дрыдныҳәаларц арахь дааит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба:
«Ҳара зегьы ибзиаӡаны иаҳгәалашәоит ҳтәылаҿы аҳазалхратә усбарҭақәа раԥҵара шымҩаԥысуаз атәы. Уи ареспублика аҭоурых аҿы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иадҳәалаз акыр зҵазкуаз шьаҿаны иҟалеит. Амаҵзура аусзуҩцәа русура раԥхьа иргыланы ареспублика амилаҭтә интерессқәеи аекономикатә шәарҭадара ашьақәыргылареи иазырхан. Анаҩс аамҭа ишаҳнарбаз ала, уи усҟани уажәи даара иҳараку аҩаӡара аҿы имҩаԥысуеит. Усҟан еиԥш уажәгьы шәара шәусура аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәытә хәҭа ашьақәыргалара аҿы иубаратәы еиԥш алагала аланагалоит», – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.
Владимир Делба аҳазалхратә маҵзура аветеранцәа рроль азгәеиҭеит:
«Жәаҳәарада урҭ хәызмаӡам рԥышәа, рзанааҭдырра, иҿыцу абиԥарақа реиҵааӡара аус аҿы ицхыраагӡа дуны иҟалеит. Аусзуҩ ҿарацәа аветеранцәа амаҵзура иреиӷьу атрадициақәа рҿырҵаауеит, еиҳау азанааҭтә ҩаӡарақәа рҟынӡа анаӡара рҽазыршәоит. Ҳара ҳветеранцәа – аус ламысцкьала азнеира, ахьаҳәхьачарадара, аицамкра рҿырԥшыганы иҟоуп» – ҳәа иазгәеиҭеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.
Иара еизаз зегьы ирзеиӷьаишьеит ахирра, аманшәалара.
Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура анапхгараҭара ахьӡала аԥснытәи аҳазалхыҩцәа дрыдныҳәалеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура ахаҭарнак Константин Козлов:
«Ҳаҭыр зқәу Оҭар Михаил-иԥа, азин сышәҭозар, гәык-ԥсыкала хаҭала Шәареи шәколлектив зегьи ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Ареспублика Аԥсны аҳазалхыҩ Имш. Ари амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, доусы шәҭаацәарақәа рҿы аҳәоуеиқәшәареи аманшәалареи, Ареспублика Аԥсны аекономикатә интересқәа рыхьчара иадҳәалоу шәнапы злаку аус аҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи. Акыр шықәса раахыс ҳҳазалхратә маҵзурақәа ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы ҳажәларқәа ринтересқәа рыхьчара ахьӡала аҩганктәи ҳусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны ишыҿиало агәра ганы ҳаҟоуп», – ҳәа адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит Константин Козлов.
Иколлегацәа иара убас дрыдныҳәалеит змаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩ иԥа, аҳазалхратә маҵзура алеитенант Игорь Маланӡиа.
«Сара даара сеигәырӷьоит ари аҩыза зеиӷьаҟам аколлектив сахәҭаны сахьыҟоу. Уи сара азы гәадуроуп. Сара саныхәыҷыз инаркны аиаҵәа аԥштәы зегьы ирылыскаауан (аҳазалхыҩ иформа аԥшшәы – аред. АП Есымша аформа анысшәысҵо, сара ганкахьала аҭакԥхықәра, даҽа ганкахьала агәадура сныруеит, избан акәзар, сара сгәаанагарала, ахаҵа, афицар изы Аԥсадгьыл амаҵзура аҵкьыс еиҳау насыԥ ыҟаӡам…», – ҳәа иҳәеит Игорь Маланӡиа.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иусдҵақәа рыла: изаамҭанытәиу ачынқәа «Аҳазалхратә усбарҭа аполковник» ранашьоуп аполковникеиҵбацәа Ладариа Алхас Фиридон-иԥеи Габуниа Омар Витали-иԥеи.
Иҿырԥшыгоу амаҵзуратә уалԥшьа анагӡареи ԥырашәа змам аусреи иҳараку азанааҭдырреи рзы «Аҳазалхратә маҵзура бзиаӡаны иназыгӡо» ҳәа агәлаҵатә дырга ранашьоуп аполковникеиҵбацәа Ӡкуиа Рауль Варлам-иԥеи Ӡиаԥшьба Асида Иван-иԥҳаи.
Ареспублика аекономикатә шәарҭадара ашьақәыргылареи аекономикатә интерессқәа рыхьчареи аус аҿы лылшамҭақәа рзы, Ареспублика Аԥсны аҳазалхратә система ашьақәгылара, аҿиара, аиаӷьтәра иадҳәалоу аус аҿы хаҭалатәи иҷыдоу ллагала азы агәлаҵатә дырга «Ареспублика Аԥсны Ҳаҭыр зқәу аҳазалхыҩ» ланашьоуп апоковникеиҵбы Иванова Тамара Витали-иԥҳа.