Дмитри Кәычбериа Ацентри Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи рыруааи аветеранцәеи ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, аҭынчра, аизҳазыӷьара. Иара иқәгылараҿы дара рырратә ҟазара аринахысгьы ҳтәыла аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәгылара азы ахархәара шаиуло азы агәыӷра шимоу азгәеиҭеит!
27.Цәыббра.2024
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Кәычбериа Амаҵзура Иҷыдоу азкызаара змоу Ацентри Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи рҿы имҩаԥысуаз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ихы алаирхәит.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 27 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура анапхгараҭареи ахатәы еилазаареи 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш 31 - шықәса ахыҵра инамаданы, Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа аламҭалазы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Кәычбериа Амаҵзура Иҷыдоу азкызаара змоу Ацентри Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи рҿы еиҿкааз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ихы алаирхәит.