АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 5:15

Аҟәеи Нижни Новгороди аишьцәа-қалақьқәа ракәхеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы Аҟәеи Нижни Новгороди рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит.

Аусшәҟәы аҵаҟа рнапы аҵарҩит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи Нижни Новгород ахада Иури Шалабаеви.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра иазку ацеремониа иара убас рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш 31 шықәса ахыҵра азгәарҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ари амш Аԥсны иқәынхо зегь ҳзы крызҵазкуа мшуп. Аҟәа аӷа даламкәа аҭарцәра иаанагоз Аԥсны аӷа далцоуп акәын! Араҟоуп иахьыҵхыз Аиааира ашьаҭа! Иаанхаз хымш рыла аӷа дыԥхаҵан шьҭахьҟа. Ари акыр зҵазкуа амш аҽны ҳара иаҳҭааит акыр шықәса раахыс аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа зҳабжьоу Нижни Новгород аҟынтәи асасцәа даӷьқәа», - ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.

Уи ари акыр зҵазкуа амш аҽны ақалақьқәа аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азы аӡбамҭа шрыдыркылаз атәы иҳәеит.

«Ари Аиқәшаҳаҭра иҿыцу алшарақәа аԥнаҵоит иҿыцу аперспективақәа аанартуеит. Иахьа Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра апроцедура ашьҭахь аусуратә еиԥылара азԥхьагәаҭоуп. Ҳара 2025 шықәсазы аусеицура аплан ҳалацәажәараны ҳаҟоуп. Агәра ганы сыҟоуп уи хра злоу аусқәеи ахҭысқәеи рыла ишгәылҭәаахо», - ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.  

Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев убасҵәҟьа Нижни Новгороди Аҟәеи абар шьҭа 13 шықәса раахыс аусеицура шрыбжьоу азгәеиҭеит.

«Арҭ 13 шықәса рыҩныҵҟа ҳара еиуеиԥшым апроектқәа наҳагӡон, Нижни Новгород еицымҩаԥаагеит  аусмҩаԥгатә – «Сдисантникхарц сҭахуп» ҳәа хыс измоу алагерь.  Ари аҿар апатриоттә ҟазшьа рылааӡара  иазку, ахәыҷқәа хра злоу адыррақәа ахьроуа, уи анаҩсгьы рыԥсшьара ахьеиҿкаахо алагерь ауп. Иара убас аҵарадырра аусхкы аҿы аусеицура ҳабжьоуп, аҟәатәи ашколхәыҷқәа аӡәырҩы ашкол ианалгалак ашьҭахь Нижни Новгород иҟоу аҵараиурҭақәа ирҭалоит», -ҳәа иҳәеит Иури Шалабаев. 

Нижни Новгород ахада иажәақәа рыла, аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рзы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра, анаҩс аҩганк еицырзыфеидоу аусеицура аҿиара иацхраауеит.

«Ҳара 2025-тәи ашықәс азы амҩақәҵагатә хсаалага аҳасабала 60 пункт рыла ишьақәгылоу аплан шьқәыргыланы иҳамоуп. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп урҭ рынагӡара шҳалшо. Иҿыцу Аиқәшаҳаҭреи уи анагӡареи  аҩганк руааԥсыра рзы хымԥада хра злоу иҿыцу алҵшәақәа аанарԥшуеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Аиашьараз аиқәшаҳаҭра 2025 шықәсазы 60 инареиҳаны еицырзеиԥшу ауснагӡатәқәа азԥхьагәанаҭоит.

Аганқәа рхыдҵақәа:

– Аҟәеи Нижни Новгороди ашәҟәы иҭагалоу анхамҩатә субиектқәа рыбжьара аимадарақәа рышьақәыргылара иацхраалоит;

– аҩ-қалақьк рекономикахь аинвистициақәа радԥхьалареи аинвистициатә проектқәа реицымҩаԥгареи иацхраалоит;

– арҵаратә еиҿкаарақәа рыбжьара аинырра ашьақәыргылареи арҿиареи иацхраалоит;

– акультура, аспорт, аҿартә политика уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа русхк аҟны реизыҟазаашьақәа рырҿиара иацхраалоит.

 

 

 

 

 

 


Read 42 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.