АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 5:21

Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I, II, III аҩаӡара занашьоу, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла иаша, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат, Антон Дельвиг ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи, Асовет Еидгыла ашәҟәыҩҩцәеи, Урыстәылатәи Афедерациа ашәҟәыҩҩцәеи Реидгылақәа рлахәыла, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы Мушьни Лашәриа иԥсҭазаара алҵра ​инамаданы аԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп.

Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба напхгара зиҭо акомиссиа аилазаараҿы иҟоуп: 

 - Вахтанг Абҳазоу ​ – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы;

- Арда Ашәба  – Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут адиректор ;

- Беслан Бигәаа  – Очамчыра араион ахада;

- Алеко Гәарамиа – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор;

- Зураб Џьапуа  – Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апрезидент;

- Владимир Занҭариа  – апоет, ауаажәларратә усзуҩ;

- Анатоли Лагәлаа  – ажурнал «Алашара» аредактор хада;

- Зураб Маршьан  – Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ;

- Беслан Ешба  – Аҟәа ақалақь ахада. глава Администрации города Сухум.  ​ ​    Прочитано 105 раз. Последнее изменение 27.09.2024.

 

Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/13257-sozdana-gosudarstvennaya-komissiya-po-organizatsii-pokhoron-narodnogo-poeta-abkhazii-mushni-lasuria.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 45 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.