АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2024

Аслан Бжьаниа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭшьҭаҵара аусмҩаԥгатә далахәын.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аиааира 31 шықәса ахыҵра азгәарҭоит

Иахьа 31 шықәса ҵуеит Аԥсны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи.  Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит. Иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иааит  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәыцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

31 шықәса раԥхьа, цәыббрамза  30, 1993 шықәса рзы Аԥснытәи ар аибашьцәа Егры аӡиас ала инагоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахь ицәырҵны аԥсуа бираҟ ахадыргылеит.  

413 мши-ҵхи ицоз ари ашьаарҵәыратә еибашьра Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа раиааирала ихыркәшахеит.

 


Read 190 times - Ашәахьа, 30 Цәыббра 2024 14:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.