Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа аҳақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа аҳақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа!
Ҳаҭыр зқәу Аԥсны жәлар!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Ҳаԥсадгьыл Аԥсны аҳҭнықалақь ақырҭуа қәылаҩцәа рыҟнытә ахы ақәиҭтәра амш.
1993 шықәса цәыббрамза 27 амш Аԥсны жәлар рҭоурых ианылеит хьӡи-ԥшеи змоу рыцхәны, уи инашьҭарххны 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира ду амшгьы азгәаҳҭо иҟалеит.
Хашҭра рықәым Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз зегьы. Ҳхырхәоит акыр иаԥсоу ҳветеранцәа ҳаԥсадгьыл ахьчаразы ақәԥараҟны иаадырԥшыз ахачҳареи афырхаҵареи рзы. Урҭ рыԥсадгьыл абзиабареи хәы змаӡам рԥышәеи ҿыц игыло абиԥарақәа рзы ҿырԥшыга бзианы иҟазаауеит ахаангьы.
Абри амш аҽны зегьы ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ахирра, аҭынч ԥсҭазаара!» Прочитано 89 раз. Последнее изменение 27.09.2024.