АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2024

Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҟәа ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа  Аԥсны жәлар Аҟәа ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу ҳауажәлар!  Акыр иаԥсоу аҳҭнықалақьуааи асасцәеи!

1993 шықәса цәыббрамза 27 Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа рҟны инхоит ҳаҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы ианақәиҭтәыз иамшны. Ари ахҭыс Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны акырӡа зҵазкуа хҭысын иҟалеит Ҳаԥсадгьыл ахи-аҵыхәеи ахақәиҭтәра иазкыз ақәԥараҟны. Аҟәа ахы иақәиҭтәын, ари Аиааирала ихацыркын ахьыԥшьымрахь инагаз амҩа.

Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра алыршахеит, ҽыҭ-ҽыҭ зыдгьыл зыхьчаз ҳаибашьцәа гәымшәақәа рфырхаҵара иабзоураны. Аԥсуа еибашьцәа иарӷьажәҩаны ирыдгылан Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рҟынтә ҳашьцәа, Алада  Урыстәыла уҳәа атәылақәа жәпакы рҟынтә хатәгәаԥхарала еибашьуаз. Урҭ рфырхаҵара ҳажәлар ргәалашәараҟны наунагӡа иаанхоит.

Цәыббрамза 27 амш аиааиреи ахьыԥшымреи ирымоу аҵак дуӡӡа ҳгәаланаршәоит. Аӡәырҩы рыԥсҭазаарақәа ахҭнырҵеит Аҟәа ахы иақәиҭтәра аус, хашҭраг рықәым  Аиааира иазықәԥоз,  Аԥсны аԥеиԥш лаша зхы ахҭнызҵаз зегьы Афырхацәа. Аҟәа ахақәиҭтәра - аӷа ииааира асимволра анаҩсгьы,  ҿырԥшыгы бзиоуп хықәкык еиднакыло ҳауаажәлар ирызцәырҵуа аԥышәарақәа зегьы риааиразы.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш! Ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, ҭаацәацыԥхьаӡа аманшәалара. 

Аԥсы ҭазааит, ишәҭыкакаҷлааит ҳаҳҭнықалақь!

Шьардаамҭа Аԥсынра!

 

 


Read 131 times - Ахәаша, 27 Цәыббра 2024 14:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.