АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2024

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш 31 шықәса ахыҵит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра  амш 31 - шықәса ахыҵуеит. Аҟәа ахақәиҭтәразы 12 мшы имҩаԥысуаз ажәыларатә операциа напхгара арҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Сулҭан Сосналиеви Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Сергеи Дбари. Ҳаибашьцәа гәымшәақәа  ирываршьааз акыр ишырацәазгьы ирылшеит 12-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоз аӷа хәымга ирхәҭақәа шьҭахьҟа рынаскьагара.

Аҵыхәтәаны, ҽынла, цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы ҳаҳҭнықалақь агәаҿы игылаз Аминистрцәа Реилазаара ахыбра иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ. Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын. Араҟоуп иахьыҵхыз Аиааира ашьаҭа! Иаанхаз хымш рыла аӷа шьҭахьҟа, Егры аӡиас ала инагоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахь дыԥхаҵан. Цәыббрамза 30 рзы Қырҭтәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы ишьақәыргылан Аԥсны абираҟ. 

Иахьа ашьжьымҭан, Аҟәа ақалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџььтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит. Арахь иаауеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәа.

Аҟәа ахақәиҭтәра Амш аҽны аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥгахоит аныҳәатә гәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа жәпакы.

Убас:

Асааҭ 10:00 рзы  Аҟәа ақалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџььтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа ршьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.

Асааҭ 11:00 рзы – Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Гиви Смыр ибаҟа аартра ацеремониа мҩаԥгахоит.

Асааҭ 11:00 рзы  – Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәреи Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымши разгәаҭара иазкны имҩаԥгахоит ахәыҷтәы реитингтә шахматтә турнир (А. Карпов ихьӡ зху Аҟәатәи ахәаҷтәы шахматтә школа ).

Асааҭ 11:00 рзы – амилаҭтә спорттә хкқәа рыла аицлабрақәа ирылагоит (Е. Ешба ихьӡ зху апарк аҿы).

Асааҭ 11:00 рзы – Ахәыҷтәы сахьаҭыхратә школ аҵаҩцәа рпленер мҩаԥгахоит  (Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа, Б.У.Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҿы).

Асааҭ 11:00 рзы – арра-патриоттә усмҩаԥгатә «Аиааира ашьҭрамдаҩцәа». Ацәыргақәҵа. (С. У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад).

Асааҭ 14:00 рзы  – 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа ркомандақәа рыбжьара ашьапылапыл маҷ азы  аиҩызаратә матч мҩаԥысуеит. (Ашьапылампыл-маҷ адәы, Аинрал С. Дбар ихьӡ зху амҩа ала).

Асааҭ 18:00 рзы  –  Р.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт. 

***   ***

 

 


Read 55 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.