АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Цәыббра.2024

Аминистрцәа Реилазаара 2024 шықәсазы ацитрусқәа раахәаразы ахәқәа шьақәдыргылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «2024 шықәсазы  ацитрустә шәырқәа реингалареи рыҭиреи рзы» Ақәҵара рыдыркылеит.  

Аԥсны аиҳабыра ацитрусқәа раахәаразы ахәқәа шьақәдыргылеит.

Кьылак ашәыр азы иреиҵаӡоу ахәԥса абасеиԥш ишьақәыргылоуп:

амандаринеи апельсини — 45 мааҭ.

алимон — 42 мааҭ.

истандартым ашәыр — 10 мааҭк.

Сынтәа иазыԥшуп 37 000 тонна рҟынӡа амандарина аҽаҩра ҳәа иҳәеит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.

Ақыҭанхамҩа Аминистрреи араионқәа рхадарақәеи 2024 шықәсазтәи ацитрустә шәырқәа рҽаҩра Аԥсны аҳәынҭқарратә наплакқәеи ауааԥсыреи рыла ианаамҭоу аингалареи аҭиреи рзы иахәҭоу ауснагӡатәқәа рынагӡара азы   адҵа рыҭоуп.  

Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҳәаа иахыганы идәықәҵахо ацитрустә шәырқәеи егьырҭ ашәырхкқәеи рзы аинформациа есымчыбжьа аминистрцәа Реилазаарахь анашьҭразы азԥхьанҵа аҭоуп.

Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара адҵоуп ақыҭанхамҩа Аминистрра. 


Read 57 times - Ахәаша, 27 Цәыббра 2024 09:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.