АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Цәыббра.2024

Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аџьынџьтәылтә еибашьраҟны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рныҳәа 31 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ, Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аџьынџьтәылтә еибашьраҟны  Аиааиреи Ахьыԥшымреи  рныҳәа 31 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аизара мҩаԥысит атәылахьчара Аминистрраҟны.

Аслан Бжьаниа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азы аррамаҵзураа дрыдныҳәалеит.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәаларатә текст аҟны иҳәоуп:

 

«Аҩызцәа аофицарцәа! Сара, арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ иаҳасаб ала,  ҳаҭырқәҵарыла исыдыскылоит аныҳәа ду  - Аиааира амш аламҭалазы Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа шәыдныҳәалара.

Иҵит 31 шықәса амилаҭ рԥыза Владислав Арӡынба инапхгарала Аԥсынтәыла ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи. Абра итәоу аӡәырҩы Аԥсны Аџьынџьтәылатә  еибашьра шәалахәын, фырхаҵарыла шәыԥсадгьыл шәыхьчеит. Иахьагьы шәуалԥшьа нашәыгӡоит, шәԥышәа ду еизҳауа абиԥара ирымыжәдоит Шәара шәыԥсҭазааратә мҩа гәыла-ԥсыла шәџьынџь ахьчара ишазку ҩашьара ақәым.

Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира амш аламҭалаз, раԥхьа иргыланы, иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз ақәрахьымӡақәа. Урҭ ргәалашәара лаша ҳацзаауеит наунагӡа. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит афырхацәа гәымшәақәа зааӡаз анацәеи абацәеи.

Аҩызцәа аофицарцәа, ҳ-Аԥсадгьыл амаҵ азызуа апатриотцәа иашақәа, атәыла зегьы шәара ишәызгәдууп. Аԥсны Арбџьар мчқәа урыстәылатәи аколлегацәеи дареи еидгыланы ҳҳәынҭқарра аҳәаақәа рыхьчаразы игылоуп. Атәыла анапхгара иалшо зегьы ҟанаҵоит ҳар рматериал-техникатә еиқәыршәара аиӷьтәразы, абри аганахьала аусура иацҵахоит.   

Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Гәык-псык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи ахьыԥшәымреи рымш! Аррамаҵзуҩцәа зегьы аӡәаӡәала ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, ахирра. Аҭынчреи аизҳазыӷьареи рыгымзааит шәыҩнаҭақәа. 

Ҽаанбзиала шәнеиааит!».

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа аҳәынҭқарра Ахада Аиааиреи ахьыԥшымреи 31 шықәса рхыҵра инамаданы арратә хьыӡқәа  рыхҵара иазку Аусԥҟақәа дрыԥхьеит. 

Аполковникцәа Вадим Кәартааи Давид  Бжьаниеи «аинрал-маиор» ҳәа изаамҭанытәу арратә хьӡы рыхҵоуп.   

 

 

 


Read 54 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.