АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Цәыббра.2024

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Қарҭ ахь Аԥсны исуверентәу, ихьыԥшыму ҳәынҭқарраны иазхаҵаны амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵарҩызарц азы даҽазныкгьы ааԥхьара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Қарҭ ахь Аԥсны исуверентәу, ихьыԥшыму ҳәынҭқарраны иазхаҵаны амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵарҩызарц азы даҽазныкгьы ааԥхьара ҟанаҵеит.

Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахҳәаа:

«Аԥсны АдәАР аҟны азхьаԥшра аҳҭеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАА Ассамблеиа хада 79-тәиасессиаҿы 2024 шықәса цәыббра 25 азы иқәгылара.

Аҽазныкгьы ҳазыӡырҩит Қырҭтәыла анапхгара аамҭа-аамҭала, амифҟазшьа змоу атерминқәа рхы иархәо еиҭарҳәо ажәақәа.

Иазаҳаԥхьаӡоит, ақырҭуа напхгара ԥхьаҟагьы абасеиԥш ицәажәалар иҳахҭысыз ҳаиааиразы алҵшәақәа зыҟалом ҳәа.

Аҽазныкгьы Қарҭ ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Аԥсны исуверентәу, ихьыԥшыму ҳәынҭқарраны иазхаҵаны амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵарҩызарц», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа иҟанаҵаз ааԥхьара атекст аҿы.


Read 51 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.