Аԥсны Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа ахыаԥшра анџьныр Михаил Кәыркәнаа иажәақәа рыла, иазԥхьагәаҭаз 1 210 ԥшьыркцатә метр (1 210 м²) рҟынтәи уажәазы абетон шьҭаҵоуп 800 м² рҿы. Иқәгоуп ажәытә каҭран, амҩатә еихац ахархәарала абетон ақәырҭәаара мҩаԥгоуп.
«Апроект иазԥхьагәанаҭоит аҩнгәаратә ҵакыра аҿы акыр аамҭа иқәымсуа абетонтә ықәырҭәаа аҟаҵара», – ҳәа иҳәеит Михаил Кәыркәнаа.
Иарбоу апроект аԥшьгаҩыс дыҟоуп Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Дмитри Маршьан. Уи аҭыԥантәи ауааԥсыра иҟарҵаз аҳәара дахаҵгылеит. Иара «аҩнгәарақәа рҭагылазаашьа акыр иуадаҩын, реиҳарак рҿы аибашьра ашьҭахь аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зынӡа имҩаԥымсӡацызт» ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Апарламенти атәыла Анапхгареи реимадара иабзоураны иарбоу аобиектқәа 2024 шықәсазы абиуџьеттә программақәа ралагалара алыршахеит. Иара убас аӡықәлара аԥхьырҟәҟәаара азы аӡҩаршьҭратә црыӡмҩангагақәа рыргылара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аҩнгәарақәа реиқәыршәазаара апроект аамҭа кьаҿ иалагӡаны ихыркәшахоит, ауааԥсырагьы реиланхарҭаҿы уажәанатә хра змоу аиҭакрақәа шыҟоу рбоит.
Убас, аҩны №71 аҿы инхо Баҭал Сабекиа уаанӡа рыҩнгәара аҭагылазаашьа акыр ибааԥсын, уажәы шьаҭанкыла зегьы аҽаԥсахит ҳәа иазгәеиҭеит. «Аиҳарак узеигәырӷьо, амашьынақәа рыргыларазы аҭагылазаашьақәа еиҳа иахьыманшәалахаз ауп», – ҳәа иҳәеит иара.
Аҳҭнықалақь аҿы аҩнгәарақәа реиқәыршәазаара апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аидгылара амҩала игылоу аҩны (№29, Басариа имҩала игылоу аҩны №14, Арӡынба имҩала аҩнқәа №146-150, Аиааира апроспект аҿы игылоу аҩны №170, Маҷавариани имҩа ала игылоу аҩны №34, Лагәлаа имҩала игылоу аҩнқәа №2, №4 рыҩнгәарақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшан. Арҭ апроектқәа ақалақьтә ҵакыра аиқәыршәазаара апрограмма иахәҭакуп, ақалақь ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәра иацхраауеит.