АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Цәыббра.2024

Аслан Бжьаниа Санкт-Петербург аделегациа идикылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Кирилл Полиаков напхгара ззиуаз аделегациа  идикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылара иалахәын иара убас  атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.

Абизнес ахаҭарнакцәа зеилазаараҿы иҟоу аделегациа аара ахықәкы хаданы иҟоуп — Аԥсны аинвестициатә потенциали алшарақәеи реилкаара, аусеицура аперспективақәа рганахьала атәыла анапхгара рыҿцәажәара. Аиԥылара аҿы Аԥсни Санкт-Петербурги аԥхьаҟатәи русеицура иалацәажәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аԥсшәа раҳәо, иазгәеиҭеит ари аиԥылара иазыԥшуижьҭеи акыр шыҵуа. 

«Сынтәатәи аԥхынразы ҩынтә Санкт-Петербург анеира сылшеит. Аԥсуа делегациа шшәыдышәкылаз, иаашәырԥшыз асасдкылара, ҳәарада, даараӡа ҳаҭыр ақәаҳҵеит», -  иҳәеит Аслан Бжьаниа, Аԥсни Санкт-Петербурги реизыҟазаашьа аҿиара аҩ-ганкгьы рзы хәарҭара шаиуа, хыԥхьаӡара рацәала аус дуқәа рыҟаҵара шалнаршо азгәаҭаны. 

Агубернатор ихаҭыԥуаҩ Аԥсны Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит иаадырԥшыз асасдкыларазы, иазгәеиҭеит Аԥсны уажәада дшымаацыз. «Сара раԥхьаӡаакәны Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа сахысит, уамашәа ибаны исыдыскылеит ара инхо ауаа, ареспублика иамоу асасдкылара. Акырӡа аҵанакуеит ҳәа исыԥхьаӡоит хаҭалатәи аимадарақәа рнаҩсангьы, ҳнаплакқәа русеицура арҿиара, Аԥсынгьы Санкт-Петербурггьы аинвестициақәа реизырҳара ацхраара», – иҳәеит Полиаков.

Санкт-Петербург агубернатор Александр Беглов ихьӡала Аԥсны Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит ааигәа агубернатор имаҵурахьы еиҭалхразы Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәаларазы. «Уи иара даара деигәырӷьеит. Шәара раԥхьа аҭел изасқәаз шәыруаӡәкын. Ари иҭабуп ҳәа ахиҳәаауеит, аҿиаразы аусеицура дшазхиоу ацҵаны. Ҳара анаплакқәа жәпакы рыҟнытә аколлегацәа ҳацуп  аизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы, Аԥсны абизнес-уаажәларра ахаҭарнакцәеи ҳареи ҳаибадырырц азы», – ҳәа иҳәеит иара.

Аиԥылара иалахәыз Санкт-Петербург абизнес-еилазаара ахаҭарнакцәа аԥсуа ган аус ацура аганахьала ирымоу агәҭакқәа рзы ргәаанагарақәа рҳәеит.

Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа ирыбзоураны аҩганк ирзыфеидоу аӡбамҭақәа рыдкылара алыршазар ауеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Аҟәеи Санкт-Петербурги аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Беслан Ешба аусшәҟәы аиқәыршаҳаҭра астадиа аҿы иҟоуп, аха уи адагьы Аҟәеи Санкт-Петербурги акыраамҭа раахыс аусеицура рыбжьоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.  

Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыҵуаҩ  Кирилл Полиаков Аҳәынҭқарра Ахада иԥылараҿы аԥснытәи ашол аушьҭымҭацәа Санкт-Петербург ақалақь аҿы есышықәса еиҿкаахо аныҳәа ссир «Алые паруса» рхы аладырхәыр рылшоит ҳәа иҳәеит.  

«Ахәыҷқәа ирылаҳәазар ауеит иреиӷьу аихьӡарақәа аазырԥшуа 20-30 – ҩык Санкт-Петербург ақалақь аҿы рыдкылара ишазхиоу. Дара ҳара ҳаушьҭымҭацәа ирыцны аныҳәа «Алые паруса» рхы аладырхәырц рылшоит. Сара сгәаанагарала, урҭ дара рзы рыԥсҭазаара зегьы ирхымышҭуа хҭысхоит, иҟалап урҭ рахьынтә џьоукы рҵарадырра ацҵаразы Санкт-Петербургтәи аҵараиурҭақәа алырхыргьы», — ҳәа иҳәеит Кирилл Полиаков.

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган убасҵәҟьа Аԥсни Сант-Петербурги рыбжьара аҩганк еицырзыфеидоу аекономикатә еимадара аҿиара дадгылоит.

«Ҳара ҳазхәыцроуп иарбан хырхырҭоу ԥхьаҟатәи ҳусеицура азы иалаҳхуа», – ҳәа илҳәеит лара.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

 

 

 

 

 


Read 91 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.