Анаҩс адепутатцәа ирылацәажәеит «Аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи рҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларазы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷқәа 2, 11 аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект.
Иарбоу азакәан апроект ала аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи рҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара азы афункциақәа ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра ахь аиагаразы адгылара ҟаҵоуп. Иазгәаҭатәуп, уажәы ари аусура мҩаԥысуеит Аԥсны аиустициа Аминистрра аҿы.
Аилатәара иалахәыз иара убас иахәаԥшит «Аӡбаратә мчра азы» Ареспублика Аԥсны Аконституциатә Закәан ахәҭаҷ 94 аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Уи аус адулара хықәкыс иаман Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәеи раԥхьаӡа акәны иалхыз азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәеи Арбитражтә ӡбарҭа аӡбаҩцәеи рмаҵура ианахагыло аамҭазы рҭоуба ашьҭаҵара аҳәынҭқарратә – аԥсуа бызшәа ала анагӡара азы алшара рыҭара. «Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәазы» Азакәан ишышьақәнаргыло ала, анорма-зинтә шәҟәынҵақәа иоригиналу бызшәаны иҟоуп Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла Аилак убасҵәҟьа иарбоу азакәан апроектқәа рыҩбагьы иааиуа Апарламент асессиа аилатәара актәи аԥхьараҿы рыдкылара азы абжьгара ҟанаҵеит.
«Ареспублика Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект иааиуа Апарламент асессиа аилатәара аҩбатәи аԥхьараҿы адкыларазы абжьгара ҟаҵоуп.
Иарбоу азакәан апроект аинфлиациа аизҳареи аԥаратә ак аахәаратә лшара аҩаӡара алаҟәреи ҳасаб азуны, замҽхак дуу, мамзаргьы ҷыдала зымҽхак дуу ацәгьоура ҳәа ацәгьоура аквалификциа амҩагара алзыршо азарал ахышәа-ҵышәеи ацәгьуореи риндексациа (ахашәалахәгьы уахь ианалаҵаны) амҩаԥгара азԥхьагәанаҭоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.