АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Цәыббра.2024

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иҷыдоу аҟәшеиҵақәеи атәылахьчара Аминистрра артиллериатә гәыԥи арратә ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иҷыдоу аҟәшеиҵақәеи атәылахьчара Аминистрра артиллериатә гәыԥи хымш еицымҩаԥыргоз атактика-ҷыдалкаатә арратә ҽазыҟаҵарақәа  атәылахьчара Ахылаԥшырҭа иатәу ахысратә дәқәа руак аҿы имҩаԥган.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы, аподполковник Дмитри Кәычбериа идҵа инақәыршәаны. Иара аҽазыҟаҵарақәа ихадоу ахәҭа хаҭала ихы алаирхәит, иҷыдоу аҟәшеиҵақәа рыруаа алархәны акоманда-штабтә машьына аҟынтәи аминаршәгатә шьақәгылагақәа рхархәара шымҩаԥысуа гәеиҭеит.

Арратә ҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь, аихшьаалатә еилатәара мҩаԥысит. Араҟа иҷыдоу аҟәшеиҵақәа рыруаа разыҟаҵареи адҵақәа рынагӡашьеи рзы атәылахьчара Ахылаԥшырҭа аҟынтәи ахәшьара бзиа роуит.

 


Read 99 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.